Аԥсны ахада Иури Лужков иԥсра инадҳәаланы адышшыларатә шәҟәы ишьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба
Рауль Ҳаџьымба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва ахада иаҳасаб ала Иури Лужков усутә визитла Аԥсны даҭаахьан 2006, 2008, 2009 шықәсқәа рзы .

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба адышшылара ҟаиҵеит асоветтә, урыстәылатәи аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩы, "Аҧсадгьыл аҿаҧхьа алшамҭақәа рзы" аорден занашьоу Иури Лужков иԥсҭазаара иалҵра инамаданы.

"Идунеи иԥсахит зыԥсадгьыл азы ипатриот иашаны иҟаз аҳәынҭқарратә усзуҩы ду. Иури Михаил-иԥа агәамч ду змаз, ааԥсарада аусура зылшоз, уаҩы лахҿыхны дыҟан, иуадаҩыз апостсоветтә аамҭақәа раан аҳҭнықалақь Москва напхгара аҭо, уи азы иҟаиҵаз рацәоуп", - ҳәа аҳәоит адышшылара атекст аҟны.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Лужков Аԥсни ажәлари рахь имаз абзиабара.

"Аԥсны есқьынгьы ахә ҳаракны иршьон Иури Михаил-иԥа Аԥсны жәлар рышҟа имаз азыҟазаашьа. Москва ахадас даныҟаз, Иури Михаил-иԥа изныкымкәа Аԥсны даҭаахьан. Иара хаҭала илшамҭоуп урыстәыла-аԥснытәи ауаажәларратәи акультуратәи еимадарақәа рышьақәыргылара. Ари ауаҩ шьахә игәалашәара ахааназ ҳагәқәа рыҟны инхоит. Гәалсрала ҳрыдышшылоит Иури Михаил-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи, ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит", - ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада исаит.

83 шықәса ирҭагылаз Москва уаанӡатәи ахада Иури Лужков иԥсҭазаара далҵит Миунхен ақалақь аҿы.

Иара убас шәаԥхьа ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0