Аԥснытәи абоксиорцәа Нижни Новгород атурнир аҿы афинали афиналбжахьи инеит

© Foto / Тимур ГергедаваҬемыр Гьергьедаа
Ҭемыр Гьергьедаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таитәи абокс азы XIII Иаарту урыстәылазегьтәи атурнир "Кубок Содружества - 2019" мҩаԥысуеит Нижни Новгород ԥхынҷкәын 10 - 13 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи абоксиорцәа Сандро Ҵәыџьбеи Леон Амҷбеи таитәи абокс азы XIII Иаарту урыстәылазегьтәи атурнир "Кубок Содружества -2019" афинали афиналбжеи рахь инеит ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсны Таитәи абокс азы афедерациа ахада Ҭемыр Гьергьедаа.

"Атурнир афинал ахь днеит Сандро Ҵәыџьба (56 кьыла), афиналбжахь – Леон Амҷба (51 кьыла). Дара рыдагьы аицлабра иалахәуп ҳаспортсменцәа – Давид Амҷба, Анри Шьанаа, Сиро Геворкиан", - ҳәа азгәеиҭеит Гьергьедаа.

Иара иҳәеит ари атурнир аҿы аиааира ишалнаршо Урыстәыла аԥхьахәгаразы ачемпионат ахь анеиреи Урыстәыла аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ аиуреи.

Гьергьедаа иазгәеиҭеит Нижни Новгород Аԥснытәи аспортсменцәа гәахәарыла ишрыдыркылаз.

© Foto / Тимур ГергедаваАԥснытәи абоксиорцәа Нижни Новгород атурнир аҿы афинали афиналбжахьи инеит
Аԥснытәи абоксиорцәа Нижни Новгород атурнир аҿы афинали афиналбжахьи инеит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи абоксиорцәа Нижни Новгород атурнир аҿы афинали афиналбжахьи инеит

Таитәи абокс азы XIII Иаарту урыстәылазегьтәи атурнир "Кубок Содружества -2019" мҩаԥысуеит Нижни Новгород ԥхынҷкәын 10 - 13 рзы.

Атурнир иалахәуп 500-ҩык аспортсменцәа Урыстәыла арегионқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҟынтәи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0