Аныҳәатә џьашьахәқәа: ахәыҷқәа рзы атеатрқәа еиҿыркаауа аспектакльқәа

CC0 / / Аныҳәатә џьашьахәқәа: ахәыҷқәа рзы атеатрқәа еиҿыркаауа аспектакльқәа
Аныҳәатә џьашьахәқәа: ахәыҷқәа рзы атеатрқәа еиҿыркаауа аспектакльқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц азы ахәыҷқәа рзы аспектакль ҿыцқәа дырхиеит Аԥсуа драматә театр, РУСДРАМ, Аҿар ртеатр рҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы ԥхынҷкәын 25- 30, ажьырныҳәа 2- 4 рзы ахәыҷқәа иддырбоит "Ҷыҟәрышә" ("Шьчелкунчики аҳәынаԥқәа раҳи" (Ернст Гофман). Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит арежиссиор Гәдиса Ҭодуа.

"Есышықәса ашықәс ҿыц аламҭалазы Аԥсуа драматә театр аҿы ахәыҷқәа рзы иқәдыргылоит еиуеиԥшым аспектакльқәа. Сынтәа иҳаӡбеит иҿыцу ак рыдгалара. Акраамҭагьы сазхәыцуан ирыдызгалари ҳәа", - иҳәеит иара.

Арежиссиор иалихит "Ҷыҟәрышә" ("Шьчелкунчики аҳәынаԥқәа раҳи" (Ернст Гофман).

"2020 шықәсагьы аҳәынаԥ иашықәсуп, аспектакль аҿгьы аҳра зуа ҳәынаԥуп. Ирацәаҩымзар ҟалап ари алакә здыруа. Угәы унархьуеит аԥхьара маҷк иахьацәхьаҵыз", - ҳәа иҳәоит арежиссиор.

Гәдиса Ҭодуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭодуа "Ҷыҟәрышә" азы: Гофман иҩымҭа аԥсышәала арцәажәара аҵак ду амоуп

Аспектакль Чаиковски имузыка ацааиуеит. Ԥхынҷкәын 25 -30 рзы аспектакль мышк ҩынтә – асааҭ 11:00 асааҭ 13:00 рзы иддырбалоит, ажьырныҳәа 2 - 4 рзы - 12:00.  

Аԥснытәи ахәыҷқәа дыргәырӷьоит  РУСДРАМ аҿгьы. Ԥхынҷкәын 27 – 30, ажьырныҳәа  2 - 5 асааҭ 11:00; 13:00 рзы иддырбоит амузыкатә спектакль "Акрал шықәс ҿыц" (арежиссиор Џьамбул Жорданиа).

"Сынтәа Андерсен илакәқәа алаҳхит. Еидаҳкылеит", - иҳәоит Жорданиа.     

Аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр акәзаргьы иархиеит аныҳәатә спектакль "Бармалеи" (Корнеи Чуковски).

Ԥхынҷкәын 24 асааҭ 17:00 рзы акультуратә центр "Абаза" асценаҿы аԥсуа хәыҷқәеи Африкаҟа ибналаз ахәыҷқәеи еибадыруеит (арежиссиор – Ирма Гәылуа).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0