Аԥсны ААР Арҵаратә центр актәи акурс астудентцәа ҭоуба шьҭарҵеит

© Foto / Пресс-служба МВДАԥсны ААР Арҵаратә центр актәи акурс астудентцәа ҭоуба шьҭарҵеит
Аԥсны ААР Арҵаратә центр актәи акурс астудентцәа ҭоуба шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рыҵаратә центр аԥҵан 1998 шықәса рзы Аҟәатәи амилициа рышкол ҷыда ашьаҭала. Ара иаздырхиоит "азинхьчаратә усура" азанааҭ ала.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рыҵаратә центр актәи акурс астудентцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рҭоуба шьҭарҵеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

Урыстәыла аҵара иҭало аԥсуа курсантцәа рҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит>>

Аҳәынҭқарратә хьыӡрашәа арҳәо Арҵаратә центр абираҟ анцәырырга ашьҭахь, аусбарҭа анапхгареи аветеранцәеи  Арҵаратә центр зыхьӡ аху Аԥсны Афырхаҵа Витали Смыр имемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Дарбанзаалак амилициа аусзуҩ аҭоуба анышьҭеиҵа инаркны аҳәынҭқарратә мчра ахаҭарнак иҭакԥхықәра ихы иадиҵоит.

"Аҭоубашьҭаҵара акыр угәы зырхыҭхыҭуа уснагӡатәуп. Шәара шәзанааҭ алызхуа аԥсадгьыл аҵеицәа иашақәа, апатриотцәа роуп", - ҳәа азгәеиҭеит иқәгылараҿы Аԥсны ААР аминистр Раули Смыр.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр актәи акурс аҵаҩцәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, аԥсадгьыли иалырхыз ауси рыбзиабара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0