Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Еныкьԥҳа Лаҭатәи атрагедиазы: ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирыхҭынҵоу аҿар рызнагара ҳуалуп

© Foto / предоставлено Юлей Еник Иулиа Еныкьԥҳа
Иулиа Еныкьԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿар рзы аҳәынҭқарратә республикатә библиотека аиҳабы Иулиа Еныкьԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Лаҭатәи атрагедиаан иҭархаз ргәалашәара иазку аиԥылара шымҩаԥырго.

27 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит.

Авертолиот анышьҭыԥраа 17 минуҭ рышьҭахь, уи аамҭазы қырҭҭәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аҩхаа Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз иҭархан. Рыԥсқәа шҭаз амца иалаблит 87-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәа зтәымкәа иҟаз аҳәса.

 

Еныкьԥҳа Лаҭатәи атрагедиазы: ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирыхҭынҵоу аҿар рызнагара ҳуалуп

"Лаҭа иҟалаз арыцҳара ду аԥсабара аргачамкит, уаҩы ихаҿы изаамго акәны иҟалеит. Ари аԥсуа жәлар зегьы ирзеиԥшу ахьаа бзанҵы иҟазаауеит. Ҳара абиблиотека аусзуҩцәа иаҳуалуп изызҳауа аҿар рыхдырраҿы анагара ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирыхҭынҵоу ацәыӡқәа зегьы", - лҳәеит Иулиа Еныкьԥҳа.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Лаҭатәи атрагедиаан иҭахаз ргәалашәара иазку аиԥылара Аҿар рзы аҳәынҭқарратә республикатә библиотекаҟны еиҿкаахоит иахьа асааҭ 13 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0