Аныҳәатә концерт, атеатртә қәгыларақәа: Тҟәарчалаа ашықәс ҿыц аԥылара шрыгәҭаку

© Sputnik / Томас ТхайцукТПП устроила праздник для детей из Ткуарчала
ТПП устроила праздник для детей из Ткуарчала - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион аҿы аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылагоит ԥхынҷкәын 24 рзы. Сынтәа ахәыҷқәа 600 рҟынӡа ҳамҭа рзыԥшуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Ашықәс ҿыц азы Тҟәарчал иазыԥхьагәаҭоуп аныҳәатә концерт, атеатртә қәгыларақәа ҳәа радио Sputnik иазеиҭалҳәеит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Аида Чачхалиаԥҳа.

"Исҳәар сҭахуп сынтәа ақалақь уаанӡатәи ашықәсқәа раан аасҭа ишхыркхо. Сосналиев ихьӡ зху амҩа ҳарԥшӡахьеит. Ақалақь егьырҭ амҩақәагьы аныҳәа ишақәнаго ирԥшӡахоит. Макьаназы ҳамаӡақәа зегьы ааҳартыр ҳҭахым", - лҳәоит лара.

Аида Чачхалия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Чачхалиаԥҳа еиҭалҳәеит Тҟәарчал ақалақь Ашықәс ҿыц рыҽшазыҟарҵо

Тҟәарчал араион аҿы аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылагоит ԥхынҷкәын 24 рзы. Акультура ахан аҿы абри амш аҽны Москва аҩны ашколхәыҷқәа рзы аспектакль архиеит.

Ԥхынҷкәын 27 рзы Акультура ахан аҿы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа алархәны еиҿкаахоит аныҳәатә хәылԥазы, ԥхынҷкәын 30 рзы ақалақьуаа дырлахҿыхуеит алафҳәаҩцәеи ақьачақьцәеи. Ашықәс ҿыц ауха аԥсаӡ хада аҿаԥхьа аныҳәатә салиут ҭырҟьахоит.

Чачхалиаԥҳа лажәақәа рыла ақалақь аҿы аԥсаӡ ԥхынҷкәын 20 рҟынӡа идыргылоит.

"Сынтәа уаанӡеиԥш абнаҟынтә иаҳзааргом аԥсаӡ. Уи ԥсаххоит, аха аԥшра еиӷьымзар еицәахом", - лҳәеит лара.

Аида Чачхалиаԥҳа илҳәеит есышықәса ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рҟны ишымҩаԥырго аныҳәатә шьыжьқәа. Сынтәа ахәыҷқәа 600 рҟынӡа ҳамҭа рзыԥшуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0