Аргылаҩцәеи, ахәыҟаҵаҩцәеи: 2020 шықәса рзы еиҳа ирҭаххо азанааҭқәа

© Sputnik / Михаил Мордасов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота отдела кадров
Работа отдела кадров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи амаҵзура "Работа.ру" аекспертцәа ишьақәдыргылеит 2020 шықәса рзы еиҳа аҭаххара зауа азанааҭқәа рреитинг.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Урыстәылатәи аусурҭатә џьармыкьаҿы 2020 шықәса рзы еиҳа аҭаххара роуеит амашьынаныҟәцаҩцәа, аргылаҩцәа, ахәыҟаҵаҩцәа, ахәынаҳаҩцәа, аҭиҩцәа рзанааҭқәа, абри атәы азгәаҭоуп Урыстәылатәи амаҵзура "Работа.ру" асаит аҟны.

Онлаин-маркетинга, IT, HR русзуҩцәа еиҳагьы аҭаххара роуеит.

"Урыстәылатәи абизнес еилнакааит иуниверсалу аҟазауаа— зынӡа ибзиоу ак шакәым. Еиҳа-еиҳа ирҭаххо иалагеит hard skills ҳарак змоу, ганкы мацара еиҳа издыруа аҟазауаа", - аҳәоит аҭҵаараҿы.

Аҟазауаа, soft skills ҳарак змоу ракәзар, иааиуа ажәашықәса рыҩныҵҟа ауаҩытәыҩсеи иԥсабаратәым аинтеллекти цҳара рзыҟарҵалоит ҳәа азыԥхьагәарҭоит аекспертцәа.

Занааҭқәак рҽырыԥсахуеит атехнологиа ҿыцқәа рнырра иахҟьаны, аха макьаназ ишәарҭан иҟам ароботқәа рԥыжәара рҳәоит амаҵзура аҭҵааҩцәа.

"Аԥсҭазаара иабжахо иалагеит атехнологиа ҿыцқәа. Азанааҭқәа ртрансформациа мҩаԥысуеит. Иаҳҳәап ахәаахәҭрҭақәа рҿы еиҳа-еиҳа ирацәахо иалагеит ахаламаҵзуратә кассақәа. Аха урҭ макьана аконсультантцәа рхылаԥшра аҭахуп", - аҳәоит адокумент.

Ажәабжьқәа зегьы
0