Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа: акультуратә зхаҵара азҵаараҟны Ҟрыми Аԥсныи еилыибакаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭльвира Арсалия
Эльвира Арсалия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит дызлахәыз аиҳабыратә делегациа Ҟрым имҩаԥыргаз аиԥыларақәа рҟны излацәажәаз, акультура аусхк аҟны Аԥсныи Ҟрыми русеицура шылбо атәы.
Арсалиаԥҳа: акультуратә зхаҵара азҵаараҟны Ҟрыми Аԥсныи еилыибакаауеит

Аԥснытәи аделегациа рхы аладырхәит ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Ареспублика Ҟрым ԥхынҷкәын 13 рзы имҩаԥгаз Аиҳабырабжьаратә комиссиа аҩбатәи аилатәара.

"Ҟрымҟа ҳцара агәыманитартә, аекномикатә уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны ҳцусеицура алацәажәара иазкын. Ҳара ҳколлективқәа, аестрадатә артистцәа уаҟа иқәгылахьеит, Ҟрым имҩаԥысуа афорум есышықәса ихы алаирхәлоит ҳмилаҭҭә библиотека анапхгаҩы. Уажәы еибаҳҳәеит ҳкультуратә еимадарақәа иаҳа ишҳарӷәӷәаша, ҷыдала иазгәаҳҭеит акультуратә ҭынха ахьчара азҵаара. 2020 шықәсазы Ҟрым еиҿыркаауеит Антикатә қалақьқәа рассоциациа. Уи рхы аладырхәар рылшоит Аԥсны иҟоу ҳақалақьқәа, азҿлымҳара зуҭаша жәалагалоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҟрым ирацәоуп алитература –мемориалтә музеиқәа. Аимадара рыбжьарҵар рылшоит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҩны амузеии дареи. Ашықәс ҿыц алагамҭазы ишьақәҳарӷәӷәоит инаҳагӡо шықәсқтәи аусмҩаԥгатәқәа, иҳалшо, ҳзыхьӡо, даргьы ҳаргьы азҿлымҳара заҳҭо ртәы. Ҟрым ҳаҟазараан ааԥхьара аҳабла Красныи ахь, уаҟа Аџьынџьтәыатә еибашьраан иҭахаз рмемориал ду ыҟоуп, аҭҵааратә центр. Иааиуа ашықәс азы Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵуеит. Ҳмузеиқәа ари аиубилеи еицазгәарҭар рылшоит усмҩаԥгатәк аҟны", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит акультура аусхк аҟны Ҟрыми Аԥсныи еицырзеиԥшу ауадаҩрақәа шрымоу, урҭ рҟны аицхыраара шаҭаху.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0