"Мисс мира" ахьӡ лыхҵахеит 23-шықәса зхыҵуа Иамаикатәи аҭыԥҳа

© AFP 2023 / Daniel Leal-OlivasПредставительница Ямайик Toni-Ann Singh после победы на конкурсе красоты "Мисс мира 2019" в Лондоне
Представительница Ямайик Toni-Ann Singh после победы на конкурсе красоты Мисс мира 2019 в Лондоне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиндаҭлара "Мисс мира" афинал мҩаԥысит Лондон. Аиааира згаз ахьынҷха лхалҵеит "Мисс мира — 2018", амодель Ванесса Понсе де Леон.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16— Sputnik. Ахьӡ ҳарак "Мисс мира" лыхҵахеит 23-шықәса зхыҵуа Иамаикатәи аҭыԥҳа Тони-Енн Сингх ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Лара аҵара лҵоит аштат Флорида Ауниверситет аҿы, иҭылҵаауеит аԥсихологиеи афеминологиеи. Илҭахуп дҳақьымхарц. Аиндаҭлара асаит аҿы иазгәаҭоуп Сингх аклассикатә оператә рҿиамҭақәагьы шыналыгӡо.

Уаанӡа Иамаикатәи аҭыԥҳа абри атитул ланаршьахьан 1993 шықәса рзы.

Аҩбатәи аҭыԥ нылкылеит франциатәи Офели Мезино. Ахԥатәи – Суман Рао (Индиа).

Урыстәыла ахаҭарнак Алина Санько аԥхьатәи 12-ҩык дрылахәуп.

Амчыбжь алагамҭаз имҩаԥысыз аиндаҭлара "Мисс Вселенная 2019" аҟны аиааира лгеит Алада Африкатәи Ареспублика ахаҭарнак–Зозибини Тунци. Аҩбатәи аҭыԥ – Медисон Андерсон (Пуерто-Рико), ахԥатәи —Софиа Арагон (Мексика).

Ажәабжьқәа зегьы
0