Ԥхынҷкәын 16-22: амчыбжь акультуратә ҳамҭақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукԤхынҷкәын 16-22: амчыбжь акультуратә ҳамҭақәа
Ԥхынҷкәын 16-22: амчыбжь акультуратә ҳамҭақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит ҳазҭало амчыбжь аҟны иҟалараны иҟоу акультуратә хҭысқәа.

Ԥхынҷкәын 16 - 22 рзы аԥсуа хәаԥшҩы идикылоит: Еврипид ирҿиамҭа, "Аҳәынҭқар ҟьантаз", дырзыӡырыҩуеит аклассикатә музыкатә рҿиамҭақәа.

РУСДРАМ

  • Ԥхынҷкәын 19 - 20 асааҭ 19:00 рзы РУСДРАМ асценаҟны аспектакль "Электра" (арежиссиор Артем Устинов).
© Sputnik / Томас ТхайцукРУСДРАМ асценаҟны аспектакль "Электра"
Ԥхынҷкәын 16-22: амчыбжь акультуратә ҳамҭақәа - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ асценаҟны аспектакль "Электра"

Аҟәа, Леон имҩаду, 8

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр

  • Ԥхынҷкәын 17 асааҭ 18:30 рзы – "Ахра шкәакәа", ԥхынҷкәын 18 асааҭ 19:00 рзы акомедиа "Аҳәынҭқар ҟьантаз".
© Foto / Эсма Джениаакомедиа "Аҳәынҭқар ҟьантаз"
Ԥхынҷкәын 16-22: амчыбжь акультуратә ҳамҭақәа - Sputnik Аҧсны
акомедиа "Аҳәынҭқар ҟьантаз"

Аҟәа, Пушкин имҩа, 1

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа

  • Ԥхынҷкәын 17 асааҭ 15:00 рзы Шәачатәи асимфониатә оркестр акамератә концерт. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.
  • Ԥхынҷкәын 18 асааҭ 16:00 рзы ареспубликатәии жәларбжьаратәии аиндаҭларақәа рлауреатцәеи рдипломантцәеи рконцерт.
  • Ԥхынҷкәын 19 асааҭ 18:00 – ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Абаза" аконцерт.

Аҟәа, Леон имҩаду, 18

Ацәыргақәҵатә зал хада

  • Ԥхынҷкәын 17 рҟынӡаа ус ауеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80-шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа.

Аҟәа, Лакоба имҩа, 31

Ажәабжьқәа зегьы
0