Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг Sputnik Естониа ажурналистцәа рышьҭазааразы: атәыла хара изымго мҩоуп

© SputnikРуслан Ҳашыг
Руслан Ҳашыг  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аиҳабы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Естониа анапхгара ишаҭәам уи атәылаҿы иҟоу Sputnik ажурналистцәа рахь ус еиԥш ахымҩаԥгашьа.
Ҳашыг Sputnik Естониа ажурналистцәа рышьҭазааразы: атәыла хара изымго мҩоуп

"Иџьоушьаратә иҟоуп аҩажәиактәи ашәышықәса ҳанҭагылоу аамҭазы абас еиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа. Адунеи зегь аҟны иазхарҵахьеит ажәа ахақәиҭра аҿагылара, мамазаргьы уи аанкылара, ажурналист иусура аԥырхагахара, еиуеиԥшым аҿыҵгақәа ҟаҵаны, уи иҟәышу мҩоуп, мамзаргьы хара узго мҩоуп ҳәа аҳәара уадаҩуп. Европа агәҭа иҟоу аҳәынҭқарра, Естониа ажәа ахақәиҭра, мамзаргьы ажурналист иусура аҿагылара ҟаиҵоит ҳәа ажәабжь ануаҳауа, угәы унархьуеит. Ари атәыла ахьыӡ аӡыргара иацхраауам. Аҩҳәынҭқаррак еигәылацәоу, азеиԥштә культуреи аҭоурыхи змоу, абас еиԥш иҟоу аҭыԥ амазаара, ацәырҵра ԥеиԥш амам", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Естониа официалла имақаруеит Sputnik Естониа ажурналистцәа шҭаркуа азы, урҭ Ашықәс ҿыц, 2020 ажьырныҳәа 1 аҟынӡа русура аанырмыжьыр, ашьаус шхацдыркуа азы.

Естониа заҵәык аҿоуп Балтиа атәылақәа рҟны аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik рредакциеи рофиси аус ахьауа. Аколлектив 35–ҩык рыла ишьақәгылоуп, урҭ рҟынтәи 3-ҩык Естониа иатәылауаауп. Естониа абиуџьет ахь ицо есымзатәи амаҵзура ашәахтәқәа 30 000 евро ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0