АИХ иӡырыргеит Москва ахысра ҟазҵаз ахаҿы ихьӡи ижәлеи

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАИХ иӡырыргеит Москва ахысра ҟазҵаз ахаҿы ихьӡи ижәлеи
АИХ иӡырыргеит Москва ахысра ҟазҵаз ахаҿы ихьӡи ижәлеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, Москва аҭыԥ змаз ахысраан хәҩык ахәрақәа роуит, АШәМ аусзуҩ дҭахеит. Амедицинатә цхыраара рырҭоит ахәрақәа зауз ауаа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 — Sputnik. Идырым ахаҿы амҩаду "Большая Лубянка" ахыбра №12 аҟны дхысуа далагеит. Ацәгьоуҩы дҭархан. Иара ихаҭара уажәазы уи шьақәыргылоуп: 39 шықәса зхыҵуаз Москватәи аобласт аҟны инхоз Евгени Маниуров иоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал РЕН ТВ адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ателеканал аинформациала, Маниуров уаанӡа днаплакҩын, аха 2015 шықәса рзы иконсалтингтә фирма аусура иаҟәыҵит. Иҟоу адыррақәа рыла, Маниуров абџьар бзиа ибон, ахысрақәа рзы аицлабрақәа изныкымкәа дрылахәхахьан, аԥхьахәқәагьы иоухьан.

Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы ахантәаҩы Александр Бастрыкин адҵа ҟаиҵеит ахҭыс азы аусҭҵаара аусбарҭа аппарат хадахьы инашьҭызарц ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак Светлана Петренко.

"Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы ахантәаҩы Александр Бастрыкин адҵа ҟаиҵеит ахҭыс азы Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаусҭҵааратә зинеидкыла ахәҭаҷ 317 инақәыршәаны ихацырку аусҭҵаара аусбарҭа аппарат хадахьы инашьҭызарц наҟ-наҟтәи аусдуларазы", - лҳәеит Петренко.

Ателеканал RT ицәырнагеит авидео. Акадрқәа рҿы иубоит амаҭәа еиқәара зшәу ауаҩы дхысуа Урыстәыла АШәМ архив ахыбра даваланы дыҩны дышцо.

Ахҭыс ахьыҟалаз акәша-мыкәша амашьынақәа рныҟәара ԥкуп.

Москва агәҭа ахысрақәа ҟалеит ҳәа адырра ҟалеит асааҭ 19:00 рзы. Лубианка ашҭаҿ аусура иалагеит аполициа, амҩатә ныҟәара ԥыркит, ауаа рҭыԥ иахыргеит.

Москва АШәМ ахыбраҿы иҟалаз ахысра иахҟьаны иҟоуп иҭахази ахәра заузи - Sputnik Аҧсны
Москва АШәМ ахыбраҿы иҟалаз ахысра иахҟьаны иҟоуп иҭахази ахәра заузи

Идырым ахаҿы  амҩаду "Большая Лубянка" ахыбра №12 аҟны дхысуа далагеит. Ацәгьоуҩы дҭархан. Иара ихаҭара ашьақәыргыларазы аусураҭҵаара иалаган.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, хәҩык ахәрақәа роуит, АШәМ аусзуҩ дҭахеит.

"Амедицинатә цхыраара рырҭоит ахәрақәа зауз ауаа", - рҳәеит аминистрраҿы.

АШәМ аҟны ирҳәеит ихысуаз аӡә шиакәыз, уи ахыбрахь дшыҩнажьламыз. АШәМ аобиектқәа зегь рыҟны аус ауеит аплан "Крепость".

Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков РИА Новости иазааицҳаит Владимир Путин иҟоу аҭагылазаашьазы адырра нагӡаны ишимоу.

Ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0