Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чакветаӡе еиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҟны иусура атәы

© Фото : личный архивСергеи Чакветаӡе
Сергеи Чакветаӡе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 20 Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәамш ауп. 35 шықәса инарзынаԥшуа ашәарҭадара аус азызухьоу, аподполковник ԥхьатәа, иахьа Гәдоуҭа араион Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Сергеи Чакветаӡе иусура атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Чакветаӡе еиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҟны иусура атәы

"Смаҵура аамҭазы сақәшәеит раԥхьатәи аԥсуа–қырҭуатә еибашьра маҷ ҳәа ззаҳҳәало 1989 шықәсазы ԥхынгәы 15-16 рзы иҟаз ахҭыс бааԥсқәа. Урҭ ахҭыс бааԥсқәа даара аџьа ҳдырбеит. Усҟан Гәдоуҭа араионтә еилакы иахагылаз ауаҩ ҟәыш Константин Озган ахырхарҭа бзиа ҳаиҭон. Қарҭаа усҟан ԥсцаха ҳарымҭо, ирҳәаз ада ҟаҳҵар рымуа иқәгылан, ҳмаҵзура уаантәи напхгара арҭон, аха ус шакәызгьы ҳажәлар изларыхәоз ала аус ҳуан.

Аибашьра анеилга ашьҭахь ԥхьатәара сцахьан, аха 2000 шықәсазы Аҟәа исыԥхьаны снаргеит. Усҟан Ашәарҭадаратә маҵзура напхгара аиҭон Аԥсны аҳәынҭқарра иахьатәи ахада, ажәалагала ҟаиҵеит даҽа хәышықәса аус зурц. Тәанчара ицахьо ҩаԥхьа аусура ддырхынҳәуа, анапхгараҭаратә ҭыԥ ирҭо ҳмаҵзура аҟны аҿырԥштәқәа сыздырӡом. Гәдоуҭа араион аҟны ҳзанааҭ ала аҵара змаз, ҳмаҵзура аганахьала аусутә ԥышәа змаз аҷкәынцәа уи аамҭазы иҟамызт. Усҟан аусура исыдыскылаз аҷкәынцәа руаӡәк иахьа аус иуеит, аподполковник ичын имоуп", - иҳәеит Чакветаӡе.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0