Аҟама, ахыцеихац, архнышьна, ажра, ахаҳә: аҵгара ақьабз зызкуи амҩаԥгашьеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАхыци ахәымпали
Ахыци ахәымпали - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵгара, акылгара ақьабз ҿыц аиҭаира аҵакы амоуп, "дҿыцны дааҵыргоит" ҳәа иԥхьаӡоуп. Убас чмазарак зыхьыз ауаа (ахәыҷы, аду), ма арахә еиуеиԥшым амаҭәарқәа, ажрақәа, аҵла адацқәа уҳәа ирыҵыргон. Ари ақьабз зызкуи уи амҩаԥгашьақәеи ртәы Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭаҿы.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҵгара ақьабз

Аԥсуаа рҟны ахархәара аман араҵла адацқәа ауаҩы иаҵгара ақьабз. Ара адацқәа адгьыл илыҳәҳәо ианыҟаз акәын ачымазаҩ даныҵыргоз, "учымазара уҟәызгеит" ҳәа ҳәо. Иара убас, араҵла агәыцә еиҟәышьшьангьы иҟарҵон ачымазара иачычоз ахәыҷы дыбжьыргаратәы. Ахәыҷы даныбжьыргалак ашьҭахь, еиҟәыршьшьаз агәыцә еидкыланы иҿарҳәон. Аршьшьарсҭа ӷьаны аҵла азҳара иацнаҵазар, ахәыҷгьы изеиӷьуп, дыбзиахоит ҳәа иԥхьаӡан.

Грецкий орех  - Sputnik Аҧсны
Учымазара наҟ иуҟәызгеит, иухысцеит: араҵлазы аԥсуаа разгәаҭақәа

Ичмазаҩхаз арахә ракәзар, аҭыҩра, ажра иҵыргон. Алексиколог Светлана Наҷҟьебиа жәлар рмедицина иазку лусумҭаҟны ишазгәалҭо ала, ари ақьабз азеижәтәи ашәышықәса аҩбатәи азыбжанӡагьы Аԥсны иуԥылон. 1924 шықәсазы арахә азҩачымазара ҿкны ианрылала, Жәандәрыԥшьи, Мгәыӡырхәеи, Уаҭҳареи ақыҭақәа рҟны абри ажра аҵгара ақьабз мҩаԥыргеит абас еиԥш:

Ажразы хәы ҳаракыраны иахьыҟоу аҭыԥ алхны ахацәа иржуеит, арахә зкылсратәы ауреи аҭбаареи аҭаны. Акылжаара аҭаларҭеи аҭыҵырҭеи аманы иҟарҵон. Ижны ианалгалак, арахә еишьҭаргыланы мраҭашәаратәи аҿышәҭ иҭацаланы, мрагыларахьтәи аҿышәҭ ала икылыргон. Абасала, ажра иҵыргаз арахә рчымазара иалдыргон ҳәа иԥхьаӡан.

Аҵгара хкқәа еиуеиԥшымкәа иҟоуп. Урҭ иреиуоуп иара убас архнышьна аҵгара, аҟама аҵгара, ахаҳә аҵгара, "ахыцеихац аҵгара".

Плющ - Sputnik Аҧсны
Ашәчбӷьы, аҵәымӷқәа, арацәа ҽыҭқәа, мамзар аԥсуаа алаԥш рыҽшацәырыхьчо

"Ахыцеихац аҵгара"

Ари ақьабз амҩаԥгараан рхы иадырхәоз ахыц акәын. "Ахыцеихац дыҵыргеит" ҳәа изырҳәон аҩсҭаацәа зхалаз, алаԥш цәгьа зхьыԥшыз, ма даҽа чмазарак иаргәаҟуаз ахыци ахәымпали иҵыргаз ауаҩы. Иван Аџьынџьал "Аԥсуаа ретнографиа аҟнытә" ҳәа захьӡу иусумҭаҟны иҩуан Елыр ақыҭа иҟоу ауахәамаҿы иҵәахуп метрак аура змоу ахыци ахәымпали ҳәа. Уи аҭыԥантәи ажьи иичаԥаз акәын. Ирҳәоит, аҩсҭаа дызхалаз ауаа убра Елыр-ныха инаганы, ахыци ахәымпали иҵыргон ҳәа.

Аҟама аҵгара

Ари ақьабз иахьагьы ахархәара амоуп. Аҭаацәара иалало аҭыԥҳа аҩын ҿыц даныҩнаргало, наҟ-ааҟ еихыршьны иҟоу аҟама аҿқәа дрыҵыргоит. Ари ақьабз мҩаԥыргоит ачарақәа рҟны: аҭаца дахьыҩнаргало ашәхымс ҩыџьа арԥарцәа наҟ-ааҟ илагылоит, аҟамақәа еихыршьны, мамзаргьы еиҿақшо икны. Аҟама иҵыргаз аҭаца алаԥш-хьыԥшы, амышьҭацәгьа лацәыхьчара анаҩсгьы, аҭаацәараҿы "иҿыцу" лахәыланы лыҟалара иазҳәоуп, уи иацын лара ахьыӡ ҿыц лыҭарагьы, даҽа ԥсҭазаарк ахь лшьаҿеихгара.

Ветрянка  - Sputnik Аҧсны
Ацәарԥшӡы, абҷы, ацәаркыҷы: аԥсыуала рыхәышәтәышьеи ишыршьои

Ахаҳә аҵгара

Аԥсуаа ахаҳә кылҵәа амшьҭа бзиоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ана-ара иубар алшоит аҩны, агәараҟны, мамзаргьы ацаҭрақәа рҟны ихшьны. Убри инаҷыданы, ажәытәан, акраамҭа ахшара зцәа даламшәоз аԥҳәыс ахаҳә кылҵәа дкылгазар, ахшара лцәа далашәоит ҳәа иԥхьаӡан. Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз Светлана Наҷҟьебиа лусумҭаҟны иара убас иалырбоит Тҟәарчал иамоу Хәаџьал хәыҷ ҳәа захьӡу ашьхаҿы икылҵәаны иҟоу хаҳә дук гылоуп ҳәа. Аҭаацәара иалалараны иҟаз аҭыԥҳа лгәабзиара иаҳа аиӷьтәразы, ахшара ирласны лцәа далашәаразы ҳәа заа убри ахаҳә дкылыргон ҳәа азгәалҭоит аҵарауаҩ.

Абасеиԥш ала, аҵгара, акылгара ақьабз аԥсуаа ҳҟны, егьырҭ аӡәырҩы ажәларқәа рҟнеиԥш, аҵак ду аманы ишыҟоу иубоит. Аҵарауаа ишазгәарҭо ала, иара асемантикатә ҵакы ала ауаҩы иира, аиҭаира, мамзаргьы ауаҩы иҩбахара (двойник) аанарԥшуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0