"Ахнышьыр аҵгара", мамзаргьы аԥсуа хәышҭааразы азгәаҭақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукПриготовление абысты.
Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа хәышҭаара ахаареи уи иадҳәалоу аҵасқәаки ртәы лматериал аҟны дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Насыԥ имоуп ахәышҭаара аԥхарра иааӡаз. Иузгәакьоу уҩны, ухәышҭаара иунаҭо аԥхарра азыԥсахуам даҽакы. Хара уаныҟоугьы, узырԥхо, угәы иҭнымҵәо ацәаныррақәа узцәырнагоит.

Иџьашьатәӡам, аԥсуаа ас иалкааны амца, ахәышҭаара бзиа иахьырбо. Уи ҳшьа-ҳда иалоуп. Наџьнатә аахыс ԥсыуа ззырҳәо иҩнаҭа иагәыцәыз ахәышҭаара акәын. Ус иҟоуп иахьагьы.

Аԥсуаа ахәышҭаара ишахӡыӡаауаз умбар залшом, уи атәы шьақәдырӷәӷәоит ражәаҳәа иахәҭакхаз ахәышҭаара иазку ажәаԥҟақәа, иаагозар: "Ахәышҭаараҿы амца анеиқәымгьы аԥхарра амӡаауам", "Ахәышҭаара бзиа амца арцәаӡом", "Ахәышҭаара ду аԥхаррагь дууп", "Ахәышҭаарагьы ныхоуп", "Ахәышҭаара уанықәгьы, аныха уанықәгьы акоуп".

Аиашазы, ахәышҭаара аҩнаҭа зегьы зыхьчо ԥшьаҭыԥуп ҳәа иԥхьаӡан. Иҿыцәаар ҟаломызт. Иахьагьы ҳцәажәараҿы қәныҳәара ҳасабала иаҳҳәалоит "умцахә мыцәааит" ҳәа. Уи еиҳау зеиӷьшьара ыҟаӡамызт, избан акәзар, ухәышҭаараҿы еиқәу амца шеишықәса еилшәарада, аҭаацәара алахәылацәа зегьы еиҳабы-еиҵабыла шәеиднакылалааит аанагон. Аха "умцахә ыцәааит" анырҳәа, уи еиҳау шәиира ыҟаӡам.

Очаг - Sputnik Аҧсны
Ашацәа, мамзаргьы алахьынҵазы аԥсуаа ргәаанагара

Аҩнаҭа даҿыҵны аԥа хаз нхара дцозар, ихәышҭаара гәакьа аҟнытә амцажәла игон. Амцажәла аагаразы рхы иадырхәон амҿы жәла бзиақәа, еиҳараӡак амца жжаӡа изкуаз аџьҵла. Аҩнра иаҿыҵуаз изгәакьоу ихәышҭаара иагәылганы иааигон амца зыҟәнылаҳәа иҟаз акәасҭха. Анаҩс, уи акәасҭхала аҩн ҿыц аҟны амца еиқәырҵон. Еиқәызҵозгьы аԥшәма ԥҳәыс лакәын, избан акәзар амца, ахәышҭаара ахылаԥшра, аизҳазыӷьара уҳәа зҟәаҟәа иқәыз аԥҳәыс лакәын.

Имаҷым ахәышҭаараҿы имҩаԥыргоз аныҳәарақәагьы. Урҭ ируакуп иахьа ҳажәлар ргәалашәараҿы иаанымхаз ауаҩы илахьынҵа зыӡбо "Ашацәа" рымҵаныҳәара. Уи аныҳәара мҩаԥыргон ааԥын алагамҭазы, ашәахьа. Марҭхәс иадыргалон ацәа цқьа иалхыз ацәашьы, аилаџь, акәтаӷьқәа.

Аԥсуаа агәра ргоит амца амагиатә мчра шамоу, ишалшо ауаҩы ихәышәтәра, ихьчара. Ахәышҭаараҿы амца иахакнарҳауан ахнышьыр, ма даҽакала иуҳәозар - архнышьна. Аҵарауаа аӡәырҩы ишазгәарҭоз ала, раԥхьаӡа аԥсуаа ирымаз ахнышьыр мҿлыхын. Ашьҭахь аиха иалырхуа иалагеит. Аҭаацәараҿы ауаҩы, ма ахәыҷы ӷәӷәала дычмазаҩхазар, ма алаԥш дакыр "ахнышьыр аҵгара" захьӡыз ақьабз мҩаԥыргон.

Аетнограф Сима Дбарԥҳа лусумҭақәа руак аҟны иалырбоит ахәыҷы "ахнышьыр иаҵгара" ақьабз. Ахнышьыр ахьыкнаҳаз ахәышҭаара наҟ-ааҟ аҳәса цқьақәа гылон. Арӷьарахьала аханы игылаз аԥҳәыс ахәыҷы дылдыркуан. Лара армарахьала игылаз аԥҳәыс ахәыҷы длыркуа абас лҳәон: "Абра еизаз зегьы учымазара ухаҳцоит, уара ухәԥсагьы ҳшәоит, уҿаҳхуеит. Уҿыхуп, ухы уақәиҭуп, угәы бзиоуп". Убас хынтә-хынтә ахәыҷы наҟ-ааҟ деимдо ихдыркәшон.

Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

Афольклорист Цира Габниаԥҳа аинформант Зинаида Ҷкотуаԥҳа лҟнытә ианылҵаз аматериал излаҳәо ала, ауаҩы агәамбзиара данаклак, "ахнышьыр дыҵгатәуп". Ҩыџьа зықәра акыр инеихьоу аҳәса ахнышьыр наҟ-ааҟ ирхханы, еиҵыхны икны иаагылон. Иара ачымазаҩ ихы ларҟәны дыҵысуан. Даныҵслак, ахнышьыр наганы амца иахакнарҳауан. "Уцәгьа-мыцәгьа зегьы ҳбылит" ҳәа хынтә инеиҭаҳәа-ааиҭаҳәо агәгәаҳәа еиқәыз амца ахнышьыр ахдырҟьон.

Аҵарауаҩ дырҩеигь иазгәалҭоит, ахьнышьыр аныха аҟара амч аманы ишахәаԥшуаз. Уи аҩнаҭа зегьы ахьчон, адырра ҿыцқәа узаанартуан, асас данааиуа унардыруан, усҟан уи иҳаракны ишыкнаҳаз акәымкәа еимҿаԥарсҭак иласкьон. Аԥсра аныҟалаша ацәа ианыруан, иааԥҵәазшәа аҿакҳәа абжьы гон. Аԥшәма ахнышьыр кны дқәыр, ииҳәаз ҟалон. Акгьы зхараӡамкәа ахара здырҵаз, ахнышьыр кны дшәиир, ииҳәаз наӡон.

Иумҳәар залшом, аҩажәатәи ашәышықәсазы аԥсуа жәлар ргәы рҽанӡамкәа амҳаџьырра анрыхҭыгәла, мчыла ихдырҵәаз ҳџьынџьуаа иахьцоз иргон рыҩнаҭа иаҟәырҷахоу ахнышьырқәа. Уи даҽазныкгьы агәра ҳнаргоит ахнышьыр иԥшьоу маҭәарны ишахәаԥшуаз, уи ааныжьра рзыгәыӷьуамызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0