Sputnik амчыбжь: аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәареи ацәгьоуцәа раанкылареи

© SputnikВерховный суд
Верховный суд - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит иаҳхысыз амчыбжь азы ареспубликаҿы иҟаз ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.

Аҟәа имҩаԥысит Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара, азинхьчаҩцәа дааныркылеит Аҟәа ақалақь агәҭаны аҭыԥ змаз ауаҩшьра далахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу ахаҿы, имҩаԥган еиуеиԥшым аспорттә еиндаҭларақәа.

Sputnik

Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа жәаатәи аилатәара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 18 рзы. Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иажәақәа рыла, 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма рзырхоуп аинфраструктуратә проектқәа. Урыстәыла абри азы иазоунажьраны иҟоуп 4,5 миллиард мааҭ.

Витали Мутко Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет даҭан - Sputnik Аҧсны
Витали Мутко Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет даҭан

Арахь иаҵанакуеит амҩақәа, аенергетика. Иҟоуп асоциалтә проект – Аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа.

Урыстәыла аиҳабыра рхаҭыԥуаҩ Витали Мутко иазгәеиҭеит иара раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дшааз.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа алацәажәеит Аԥсны аҵакыраҿы ацәгьоура иалахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу, ахара зыдҵоу, ирбаандаҩу ахьҭаркуа аусбарҭа аргылара. Апроект азы апроекттә усурақәа мҩаԥгахоит Урыстәыла аиустициа аминистрра зықәшаҳаҭу Аԥсны аиҳабыра ишьақәнарӷәӷәо атехникатә дҵақәа инарықәыршәаны.

Урыстәылатәи абиуџьет аҟынтәи аинвестпрограммақәа рынагӡаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра иаиухьеит 23 миллиард мааҭ. 2017-2019 шықәсқәа рызтәи аинвестпрограмма 170 обиект аҵанакит. Апрограмма анагӡара ашьҭахь ацәынха иартәеит 161,5 миллион мааҭ. Арҭ аԥарақәа нашьҭхоит асоциалтә зҵаарақәа рыӡбарахь.

Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Витали Мутко игәаанагарала, Аԥсныи Урыстәылеи Реиҳабырабжьаратә комиссиа аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны иалыршахоит аинвестициатә ҭагылазаашьа маншәала аиҿкаара.

Чеботариов: 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма шә-обиектк инареиҳаны иалоуп - Sputnik Аҧсны
Чеботариов: Аинвестпрограмма ҿыц шә-обиектк инареиҳаны иалоуп

Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа Аԥсны иааны иҟоуп. Ахашаҽны, ԥхынҷкәын 18 рзы имҩаԥысит жәаатәи апленартә еилатәара.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәарақәа мҩаԥысуеит инеиҭак-ааиҭакны: зны - Аԥсны, зны - Урыстәыла. Аԥхьатәи аилатәара мҩаԥган 2010 шықәса рзы, Москва.

"Сан-Ремо" аҿаԥхьа иҟалаз ахысра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟаз ахаҿы даанкылоуп

Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа иҟалаз ахысра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟаз ахаҿы даанкылоуп.

"Ари ауаҩ уаанӡа дшьақәыргылан. Иара иганахь ала аматериал Аҟәа ақалақь аӡбарҭахь инашьҭын. Ашьаусҭҵаара аинтересқәа инарықәыршәаны иаанкылоу ихьӡ ҳәам", - рҳәеит Апрокуратура хадаҿы.

Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо  - Sputnik Аҧсны
Сан-Ремо аҿаԥхьа иҟалаз ахысра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟаз ахаҿы даанкылоуп

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит.

Ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы,ԥхынҷкәын 3 рзы лара лыԥсҭазаара далҵит.

Уаанӡа, Аҟәа ақалақь апрокуратура Тҟәарчал ииз Ерик Чкадуа абри аус далахәуп ҳәа иԥшаара рыларҳәеит ахәҭаҷқәа "Ҩыџьа ма инареиҳаны рышьра", "Ашьразы аҽазышәара", "Абџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, иԥжәо амаҭәашьарқәа, иԥжәоу ахархәагақәа изакәанымкәа раахәареи, аӡәы иҭареи, рыҭиреи, рыҵәахреи, рыиагареи, рныҟәгареи" рыла.

Рауль Ҳаџьымба аусԥҟақәа инапы рыҵеиҩит

  • Адгәыр Арӡынба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс, аекономика аминистрс.
  • Пицунда ақалақь администрациа Ахада инапынҵақәа назыгӡо изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
  • Геннади Ҵәыџьба Очамчыра араион ахада инапынҵақәа наигӡаларц.

 

Адгәыр Арӡынба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс, аекономика аминистрс далхуп

Пицунда ақалақь ахада инапынҵақәа наигӡалоит Алхас Шамба

Ҳаџьымба Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс Геннади Ҵәыџьба даиҭеит

Акаԥа ақыҭан амцакра аҭыԥ амоуп

Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иахьаҵанакуа игәаҭоуп амцакра ҭыԥ ҿыцқәа. Абри атәы Sputnik Аԥсны иазааицҳаит Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭимур Кәыҵниа.

Иара иажәақәа рыла ԥхынҷкәын 21 рзы хә-километрак инарзынаԥшу аҭыԥқәа рҟны амца ырцәан.

"Иацы амцарцәаҩцәа ашьыжь асааҭ 5 рҟынӡа аус руан. Атехника ухы иаурхәартә иҟамыз аҭыԥ ахьҿаҟьараз азы. Иахьа еиҭах амцакра ҿыцқәа гәаҭан. Уи иацтәи аҭыԥ иацәхыкуп. Амца арцәараз инашьҭуп 15 –ҩык амцарцәаҩцәа", - иҳәеит иара.

Акаԥа ақыҭаҿ амцахәыҵҟьарақәа аҭыԥ рымоуп

Акаԥа иҟоу амцеимҽхакыра жәа-гектарк рҟынӡа аҵанакуеит.

Раԥхьатәи амцакрақәа Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иахьаҵанакуа игәаҭан асабша, ԥхынҷкәын 21 рзы. Уахь инашьҭын 20 амцарцәаҩцәа рыбригада.

Иҟоу агәаанагарла амцакра зыхҟьаз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0