АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Адгәыр Арӡынба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс, аекономика аминистрс далихит ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.
"Адгәыр Амиран-иԥа Арӡынба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс, аекономика аминистрс дҟаҵазааит",- аҳәоит Аусԥҟаҿы.
Арӡынба Адгәыр Амиран-иԥа диит 1981 шықәса ажьырныҳәа 8 рзы Гәдоуҭа ақалақь аҟны.
2000 шықәсазы "Башаран-коллеџь" далгеит.
2007 шықәса рзы Х.М. Бербеков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет далгеит (ааглыхра-граждантә ргылара" азанааҭ ала).
2011-2013 шықәсқәа рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы аекономикатә зҵаарақәа рзы иабжьгаҩ.
2013 шықәсазы далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент иҟны иаԥҵоу аҳәынҭқарратә маҵзура Урыстәылатәи академиа.
2012-2015 шықәсқәа рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра адәныҟаполитикатә еимадарақәа рыҟәша аиҳабы.
2015 шықәсазы жәабранмза инаркны – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аекономика Анапхгараҭара аиҳабы.
2015 шықәсазы мшаԥымза инаркны иахьанӡа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр.
Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп.