Венесуела аоппозициа арратә хәҭа иақәлеит

© REUTERS / Reuters TVСитуация у военной авиабазы Ла-Карлота в Каракасе
Ситуация у военной авиабазы Ла-Карлота в Каракасе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Венесуэла ахада Николас Мадуро уаанӡа иҳәахьан Колумбиеи Еиду аштатқәеи апровокациақәа ҟарҵараны иҟоуп ҳәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Аоппозициа Венесуела арратә хәҭақәа руак иажәлеит. Аррамаҵзуҩцәа руаӡәк дҭахеит. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Иахьа ашьыжь атәыла аладатәи ахәҭаҿы иҟоу арратә хәҭақәа руак иажәлеит. Абџьар ргеит. Иҟоуп аԥсыҭбара. Уажәы ақәылара ҟазҵаз рыԥшаара хацыркуп", - иҳәеит атәылахьчара аминистр Владимир Падрино Лопес.

Венесуела аиҳабыра аоппозициа рацәажәара иазыхиоуп - Sputnik Аҧсны
Венесуела аиҳабыра аоппозициа рацәажәара иазыхиоуп

Венесуела Аинформациеи акоммуникациеи рминистр Хорхе Родригес иазгәеиҭеит ажәылара зуз Колумбиа аҽазыҟаҵарақәа ишырхысыз.

"Ажәылара зуз Колумбиа аҽазыҟаҵарақәа ирхысит, адгылара рыҭан Жаира Болсонару иеиҳабыра рҟынтәи", - иҩит иара Twitter аҿы.

Уи адагьы Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Арреаса аҳәамҭа ҟалҵеит ижәылоз рлагер Перу ишыҟоу.

Ажьырныҳәа 21 рзы Венесуела иахьатәи ахада Николас Мадуро иҿагыланы Каракас ақәгыларақәа ирылагеит. Апарламент аспикер Хуан Гуаидо ажьырныҳәа 23 рзы атәыла ахадас ихы рылеиҳәеит.

Усҟан Гуаидо истатус адгылара арҭеит: ЕАА, Канада, Аргентина, Бразилиа, Чили, Колумбиа, Коста-Рика, Гватемала, Гондурас, Панама, Парагваи, Перу, Қырҭтәыла.

Урыстәыла Мадуро адгылара инаҭоит аконституциатә шьаҭа зманы иҟоу атәыла ахадак иҳасаб ала.

Мадуро: Венесуела амчрақәеи аоппозициеи Осло аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит

Европатәи атәылақәа зеижә: Испаниа, Португалиа, Германиа, Великобританиа, Даниа, Нидерланды, Франциа, Венгриа, Австриа, Финлиандиа, Бельгиа, Лиуксембург, Чехиа, Латвиа, Литва, Естониа, Польша, Швециа, Хорватиа, Македониа, Румыниа - жәабран 4 рзы рнапы еицаҵарҩит адекларациа, уа иазгәарҭеит Хуан Гуаидо аамҭалатәи Венесуела ахада ҳәа дшазхарҵо азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0