Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба: зегь раԥхьа иргыланы ҳауадаҩрақәа ҳмаҷра ауп изыхҟьо

© SputnikОчамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Геннади Ҵәыџьба
Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Геннади Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Геннади Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит имаҵура ҿыц аҟны уадаҩраны ииԥхьаӡо, гәҭакыс имоу ртәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи:Ҵәыџьба Очамчыра араион иазкны

"Уадаҩрас зегь раԥхьа иргыланы иҟоу, зны-зынла имҳәаӡакәа ҳазвысуа, Егры инаркны Ԥсоунӡа ҳауадаҩрақәа ҳмаҷра ауп изыхҟьо. 75 нызқьҩык инарзынаԥшуа иахьынхоз Очамчыра араион аҟны 25 нызқьҩык рҟынӡа ҳҳәоит, ашәҟәы иану аҵыхәтәантәи адыррақәа аазгоит, аха иахьынӡаиашоу ишьақәырӷәӷәаны исымам. Иара ақалақь аҟны 20 нызқьҩык инарзынаԥшуа инхон, иахьа ԥшьнызқьи хәышәҩык- хә-нызқьҩык  рҟынӡа. Ас еиԥш ауаа згу ақалақь аҟны аԥсҭазаара еиҭашьақәыргыланы, улаҟны иааиуа, ирԥшӡаны аҟаҵара уадаҩуп. Сара иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳауаажәлар аибашьра еилгеижьҭеи иахьа уажәраанӡа ичҳаны, амамзаара, аагарҭа рымаӡамкәа ҳажәлар злагылаз аусқәа зегьы рхы ахьрыгырмыжьыз. Уамашәа иубаратәы иҟоуп ақалақь аҟны инхо пату шақәырҵо, исықәшәоз, гәык-ԥсыкала аусура угәы иҭазар, ҳувагылоит ҳәа сарҳәеит. Зыхьӡ –зыжәла еицырдыруа ауаа ақалақь аҟны аус рухьан… даҽа шьаҿа хәыҷык иаҳзаҵзоар ҳәа агәаҳәара сымоуп", - иҳәеит Ҵәыџьба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0