Дзиудо азы аицлабраҿы аԥснытәи аспортсменцәа амедалқәа ранашьахеит

© FotoДзиудо азы аицлабраҿы аԥснытәи аспортсменцәа амедалқәа ранашьахеит
Дзиудо азы аицлабраҿы аԥснытәи аспортсменцәа амедалқәа ранашьахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача ақалақь аҟны дзиудо азы 2007 - 2009 шықәсқәа рзы ииз арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара иаарту аԥхьахәгаразы атурнир мҩаԥысит ԥхынҷкәын 21 - 22 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik. Аԥснытәи аспортсменцәа алахәын Шәача ақалақь аҟны дзиудо азы 2007 - 2009 шықәсқәа рзы ииз арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара иаарту аԥхьахәгаразы атурнир ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩ Инал Гаделиа.

Аицлабрақәа реихшьаала ала 44 кьыла рҟынӡа зкапануаз рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Аҟәа ақалақь ахадара аспорти аҿари рызҵаарақәа рзы аилак ааӡамҭа Лорена Симонова (азыҟаҵаҩ Саид Адлеиба – аред.).

42 кьыла рҟынӡа зкапануа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Ренат Сингатулини Иарослав Сингатулини.

"Ренат ԥшьы-қәгыларак рҟынтәи хԥа рҟны аиааира игеит. Иарослав хә-қәгыларак мҩаԥигеит. Ԥшьба рҿы даиааит", - иҳәоит азыҟаҵаҩ Инал Гаделиа.

© FotoДзиудо азы аицлабраҿы аԥснытәи аспортсменцәа амедалқәа ранашьахеит
Дзиудо азы аицлабраҿы аԥснытәи аспортсменцәа амедалқәа ранашьахеит - Sputnik Аҧсны
Дзиудо азы аицлабраҿы аԥснытәи аспортсменцәа амедалқәа ранашьахеит

Шәача ақалақь аҟны дзиудо азы 2007 - 2009 шықәсқәа рзы ииз арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара иаарту аԥхьахәгаразы атурнир мҩаԥысит ԥхынҷкәын 21 - 22 рзы. Иалахәын 200-ҩык аспортсменцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0