Рушьбеи Смыр
Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Рушьбеи Смыр иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 29 рзы, 70 шықәса дшырҭагылаз.
Рушьбеи Смыр акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1965 шықәса инаркны, раԥхьаӡатәи иҩымҭақәа рнылоит агазеҭ "Бзыԥ" адаҟьақәа. 1973 шықәсазы иҭыҵыз раԥхьатәи иеизга "Аеҵәақәа рыкәашара". Апоет ирҿиара уагәылаԥшуанаҵы иҿаҿаӡа иааԥшуеит аҭоурых ахьышьҭра иахаану итәылеи ижәлари рлахьынҵа. Уи атема инарҭбааны иаазырԥшуа ажәеинраалақәа иреиуоуп: "Ԥсуаҵас", "Аԥсны", "Аҵан", "Сасрыҟәа", "Аԥсаратәи абаашқәа", "Уарада", "Жана Ачба", уҳәа убас егьырҭгьы.
1995 шықәсазы апоет ихҵан Адыга респулика Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуаҩ ҳәа ахьӡ, дрылан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи.
Рушьбеи Смыр ипоезиатә рҿиамҭақәа еидызкыло аизгақәа 16 ҭыҵхьеит. Урҭ иреиуоуп: "Аеҵәақәа рыкәашара" (1973), "Ашьанҵа" (1976), "Ахҿа" (1979), "Сышьхақәа" (1981), "Ашыцқәа рашәа" (1985), "Акәукәуқәа еиқәҿырҭуеит" (1988), "Сҽыласқәа" (1990), "Рада гәышьа" (1994), "Аҳаҳаира" (1998), "Рарира" (2003), "Абжьы" (2005), "Слабашьа" (2008), ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа реизгақәа: "Арҵу" (2000), "Аҵыс иаҵәа" (2011). Иара убас, иҭыҵхьеит х-томкны иҟоу "Иалкаау иҩымҭақәа" реизга (2010, 2011, 2013).
Гьаргь Гәыблиа
Ашәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гьаргь Гәыблиа 92 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит абҵара 6 рзы.
Гьаргь Гәыблиа диит лаҵарамза 15 1928 шықәса рзы Ҟәланырхәа ақыҭан. Аҭыԥантәиашкол ашьҭахь иара дҭалоит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет. 1954 шықәса рзы Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиа акафедра арҵаҩыс аусура далагеит.
Иҩымҭақәа ркьыԥхьра далагеит 1950 шықәса рзы. Гьаргь Гәыблиа алитературатә журнал "Алашара" аредакторс дыҟан, ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" директорс даман.
Гьаргь Гәыблиа — авторс дрымоуп аԥхьаҩцәа бзиа еицырбаз ажәеинраалақәа, апоемақәа, ароманқәа, адрамақәа.
2013 шықәса рзы Гьаргь Гәыблиа асахьаркыратә литератураҿы илагаламҭази аҿар реиҵааӡарази ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара.
Арвелод Кәыпраа
Аҭоурыхдырыҩ, ашәҟәыҩҩы Арвелод Кәыпраа 95 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Арвелод Кәыпраа аԥсуа культура аҿиара инапы алакын, иҭижьуан архивтә документқәа.
Арвелод Кәыпраа диит жьҭаара 14 1924 шықәса рзы.
Ставропольтәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт 1948 шықәса рзы далгеит. Аус иуан Аҽгәаратәи аурыс школ аҟны, Тҟәарчал апартиа ақалақьтә еилакы аҿы, Аԥснытәи аҳәынҭмузеи аҟны.
2004 шықәса раахыс Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны иусура иациҵон.
Арвелод Кәыпраа инапы иҵижьхьан еиуеиԥшым амонографиақәа, арҵага шәҟәқәа, астатиақәа, аҭоурых иазку аочеркқәа.
Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аԥхьахә ианашьан, аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара ианашьан.
Кәасҭа Ченгьелиа
Аԥсуа композитор, Дырмит Гəлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, иара убас апремиа "Летопись войны" иаԥсахаз, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатəи аҩаӡара занашьоу Константин Ченгьелиа иԥсҭазаара далҵит 89 шықәса дшырҭагылаз.
Кəасҭа Ченгьелиа аибашьра анцоз аамҭазы еиҿикааит ансамбль "Аиааира". Шəкы инареиҳаны аконцертқəа аибашьра ацəаҳəаҿи ахəышəтəырҭақəеи рҿы имҩаԥигахьан, ашəақəа маҷымкəа иҩхьан. Аиааира иасимволны иҟалеит Лиолиа Тəанԥҳа лажəақəа рыла Ченгелиа ииҩыз ашəа "Аиааира".
Кəасҭа Ченгьелиа Очамчыратәи ансамбль "Ерцахə" еиҿикааит, Гəдоуҭа ансамбль "Риҵа" еиҿикааит, абыргцəа рансамбль "Нарҭаа" иманы Венгриа ицахьан, "Ахьтəы таташь" захьӡу аԥхьахәгьы рыманы иаиааит, ансамбль "Гəында" аус адиулон. Дравторуп хкы рацәала ашәақәа.
Иури Ԥкьын
Апоет, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәыла, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьаз Иура Ԥкьын иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 18 рзы.
Иура Ԥкьын диит 1946 шықәса рзы, Блабырхәа ақыҭан. Абжьаратә школ далгеит 1966 шықәса рзы. Иара убри ашықәс азы дҭалеит Максим Горьки ихьӡ зху Горькитәи арҵаҩратә институт.
"Иԥсҭазаара далҵит апоет, апатриот, ауаажәларратә усзуҩ, аҟыбаҩ ҷыда злаз ҳҩыза бзиа Иура Ԥкьын", - иҳәоит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа.
1973 шықәса рзы иҵара хыркәшаны аусура далагеит Мысратәи ашкол-интернат аҿы ааӡаҩыс. Аус иуан Блабырхәатәи ашкол адиректорс, Мысратәи аиланхарҭатә хеилак ахантәаҩыс, аиланхарҭа ахадара аиҳабыс.
Иура Ԥкьын поет бзиан, длирикын, акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа ҭижьхьан, 2003 шықәса рзы Ассоциациа анаԥҵаха инаркны, аилазаара далан.
1998 шықәса раахыс иура Ԥкьын Гәдоуҭа араионтә еизара хынтәны ахантәаҩыс далырххьан. Ианашьан "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара, иажәеинраалақәа "XX ашәышықәсазтәи аԥсуа поезиа антологиа" иалоуп.
Џьума Аҳәба
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, ашәҟәыҩҩы, ажурнал "Аҟазара" аредактор хада Џьума Виссарион-иԥа Аҳәба иԥсҭазаара далҵит 82 шықәса дшырҭагылаз.
Иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩы, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Аҳәба Џьума Басариан-иԥа диит 1937 шықәса рзы, Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт далгеит. Иара иаԥҵамҭақәа рыла аԥсуа литература акырӡа ихаҭәааит, рхатә ҭыԥ ҷыда ааныркылеит. Иара иҟазара, ихшыҩ, идырра акыр иааӡаган, ихатәран. Иҩымҭақәа аԥсуа литература ахьтәы фонд иазынхеит.
Рома Аргәын
Ажьырныҳәа 7 рзы 72 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит "Акьыԥхь аҩны" адиректор, аорден "Ахьӡ-Аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Роман Аргәын.
Ахьӡ-Аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу, Аҳәынҭқарратә наплакы "Акьыҧхь аҩны" адиректор хада Аргәын Роман Џьыгрыц-иҧа, Аҧсны аполиграфиа аус аҟны раҧхьатәи апрофессионалцәа дыруаӡәкын. Украинатәи аполиграфиатә институт даналга, аусура далагеит Аҟәатәи атипографиаҿы анџьныр-технологс, 1983 шықәса инаркны еиҳабыс дыҟан. 45 шықәса инареиҳан Роман Џьыгрыц-иҧа бзиа иибоз аус амаҵ азиуеижьҭеи.
Аполиграфист, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, акультура зҽалызкааз аусзуҩ Роман Аргәын акыр илша рацәоуп Аҳәынҭқарратә полиграфиатә наплакы аҿиареи, аиҭашьақәыргылареи рус аҿы. Инапы злакыз аус гәцаракрыла, ҭакҧхықәрала дазнеиуан, аус ицызуаз хаҭа-хаҭала патуқәҵарылаа дырзыҟан, еиликаауан, иуаҩреи иламыси ҳаракын.