Sputnik иазнархиеит ашықәс ҿыцазтәи аплеилист

CC0 / / Микрофон
Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik шәара шәзы иазнархиеит дасу иқәшәаша, игәы хызхыша аплеилист - Franca Sinatra инаиркны Лиудмила Гурченко лҟынӡа.

Аныҳәатә гәахәара амузыкеиԥш аҽакы иазышьҭыхуам. Иҟоуп узцыкәашаша, узырччаша, иҟоуп узырҵәыуашагьы. Sputnik аҭагылазаашьақәа зегьы ирықәшәо аплеилист еиқәнаршәеит.

Гарри Поттер идунеи

"Гарри Поттер", аиҳаракгьы аԥхьатәи ахыхәҭак шәеиҭарыхәаԥшырц шәҭаххазар – ашықәс ҿыц ааигәахеит ауп. Угәы абанӡаҟанаҵо "Harry`s Wondrous World" ма "Christmas at Hogwarts" рзыӡырыҩрра.

Елка - Sputnik Аҧсны
Аԥсаӡ акраамҭа уаргәырӷьаларц: Ашықәс ҿыц асимвол хада ишеиҷаҳалатәу

Franc Sinatra нас, маҷк аклассика

Аклассика еснагь аԥсы ҭоуп. Аҽакы иалаҩашьарыма "Strangers in the night" ма "Have yourself a Merry little Christmas"?

Браиан Адамс бзиа дызбо ракәзар "Christmas Time" иазыӡырыҩуеит.

Аԥсны ашықәс ҿыц ауха асырҳәы иазыԥшу шәазыӡырҩыр ҟалоит "Let it Snow".

Sarah Conor лакәзар Қьырсаныҳәа лгәаҿы иҷыдоу аҭыԥ шыннакыло лҳәоит ("Christmas in my Нeart")

Иарбанызаалак ныҳәатә "мцеишьылк" ухахьы иузаагом "Абба (Happy New Year) ада.

"Аll I want for Christmas is you" - урыс бызшәала "Лучший мой подарочек – это ты" ахьӡуп. Акинофильм "Абзиабара иашаҵәҟьа" аҟны иара налыгӡоит Мераиа Кери.

Иара ма лара: иарбан ҳамҭоу Ашықәс ҿыц азы ирхиатәу - Sputnik Аҧсны
Иара ма лара: иарбан ҳамҭоу Ашықәс ҿыц азы ирхиатәу

Иҿыцу џьара акы

Аклассика шәгәы арҿыӷьзар, агәыԥ Coldplay – Крис Мартин, Уилл Чемпион ртрек "Christmas lights" Синатра духанаршҭуеит.

Ажәақәа зегьы аадыруеит

"Избан асы абас изкьакьоу?" – дҵаауеит Филипп Киркоров, аха Аԥсны инхо уи аҭак рыздырам.

Еиҭажәгала аканалқәа Иван Уасил-иԥа шәыҽицәӡо, иара шәимбаргьы ашәа "Звенит январская вьюга" еиҭахгьы шәлымҳа иҭамсыр ҟалашам.

Хә-минуҭк роума Ашықәс ҿыц аҟынӡа инхаз? Шәазыӡырҩ Гурченко л-"Хә-минуҭк".

Ажәабжьқәа зегьы
0