Виктор Скрипник: ҳара ҳхаҭа ҳашәшьы ҳәа ҳрыҳәон

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТабличка на здании Службы безопасности Украины (СБУ) в Киеве.
Табличка на здании Службы безопасности Украины (СБУ) в Киеве. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Виктор Скрипник РИА Новости иазеиҭеиҳәеит украинатәи амчрақәа атҟәацәа ирыхҭырхуаз атәы.

Иаҳхысыз амҽышаз Украинеи Донбасси атҟәацәа еимырдеит. ДЖәРеи ЛЖәРеи ирыҭаз атҟәацәа дрылан Виктор Скрипник. Иара Украина аиҳабыра атерроризм далахәуп ҳәа даанкылан дрыман, аха 5 шықәса рыҩныҵҟа иарбанызаалак ак рзышьақәмыргылеит. Аус аханатә иԥаршеин. Скрипник РИА Новости иазеиҭеиҳәеит украинатәи амчрақәа атҟәацәа ирыхҭырхуаз атәы.

- Аиҭныԥсахларанӡа шәабаҟаз? Шәышԥарытҟәеи?

- Мариуполь ашьаусҭҵааратә ҭакырҭаҟны (СИЗО) сҭакын. 2014 шықәса раахыс убра сыҟан. Саанкылан атеррористтә актқәа срылахәушәа ахара схараҵан. Хәышықәса рыҩныҵҟа схара рзышьақәмырӷәӷәеит. Иарбанызаалак ҵаҵӷәык рзымԥшааит. Анцәа иџьшьаны, уажә урҭ амучацәа рнапы самҟәыҵырхит.

Еимырдаз атҟәацәа Украина АШәМ аҟны аргәаҟрақәа ирылацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Еимырдаз атҟәацәа Украина АШәМ аҟны аргәаҟрақәа ирылацәажәеит

- Абри ахәышықәса зегьы СИЗО аҟны шәыҟазма?

- Ааи.

- Шәанааныркылоз аамҭазы ДЖәР ареферендум акала шәадҳәалазма?

- Ааи. Сара активла салахәын ареферендум амҩаԥгара. Донецктәи жәлар рреспублика Украина алҵра садгылаҩын. Аизарақәа, амитингқәа срылахәын. Аԥхьа сҩызцәеи сареи Украина Ашәарҭадаратә маҵзура ахыбра аҵаҟаҿы ҳҭакын. Ҩымчыбжь инарзынаԥшуа ҳдыргәаҟуан. Иарбанызаалак информациак ҳҿырхыр рҭахын. Ирҭахын ҳхы ахара адаҳҵарц, ирҭахын Украинатәи амчратә усбырҭақәа ргыгшәыграқәагьы ҳхахьы иаагарц. Зегь ҳара иҳақәрыжьыр рҭахын.

- Иарбан цәгьоурақәоу шәара ишәықәырҵарц изҿыз?

- Украина ААР аҟны лаҵара 9 рзы иҟалаз ахҭыс. Усҟан ирацәаҩны ауаа ҭахеит.

- Ақәылара ҟазҵаз ҳрылан ҳәа шәҳәар рҭахызма?

- Ааи. Иаҳҳәаша атекстқәа ҳдырҵарц рҽазыршәон. Иаҳзымдыруаз, ахаан иаҳамбацыз ауаа аадыруашәа ҳҳәар рҭахын. Арратә диверсиақәа рымҩаԥгашьа Ростовтәи аобласт аҿы ҳахрыжьуазшәа, атеррористтә актқәа мҩаԥаагозшәа… иарбан ирҭахымыз иаҳдырҳәарц. Аха арҭ аамҭақәа ирылагӡаны зныкгьы мцла ҳҿа ҳақәшаҳаҭымхеит.

- Мариупольтәи аҳаиртә баӷәазаҿ еиҿкаау абахҭа аӡбахә ала ижәдыруазеи?

- Анцәа иџьшьаны сара уахь снанамгеит. Уахь инеиз рҟынтәи имаҷуп зыԥсы ҭаны ихынҳәуаз. Ҳара ҳганахь ала ирҭахыз ауаа идырбаны аусӡбара аиҿкаара акәын. Пропагандан. Ирҭахыз ҳалдыршоз џьыршьон. Аха СИЗО аҿы иаабақәеит аҳаиртә баӷәаза абахҭаҟынтә инанагақәаз. Урҭ аиҭныԥсахлараз акәын аиҳарак уахь изнаргоз. Уи азоуп рацәажәара залшазгьы.

- Ирҳәоз?

-Ҷкәынак дыҟан, ижәла сгәалашәом. Ицәеи ибаҩи еикәыршан. Ергьҳәа дцәаджәон. Ф-метрак рҟынӡа ирҵауланы анышә жны иҟан. Убрахь дҭарыжьзаап. Илақәа ҿаҳәан аха еиликааит аԥсцәа рыла ажра шҭәыз. Ԥшьымш убра дрылажьын. Хаҳәла исуан. Дыршьыр рҭахын, аха убри аамҭазы украинатә хаҿык иҭныԥсахларазы ихьӡ рҳәеит. Убри деиқәнархеит. Иахьынӡаздыруа уи ахаҿи иареи еиҭнырыԥсахлеит аха нас иԥсҭазаара далҵит.

Киеви Донбасси атҟәацәа еимырдеит - Sputnik Аҧсны
Киеви Донбасси атҟәацәа еимырдеит

- Украина АШәМ ахыбра аҵаҟа шәыҟазаара аӡәыр идыруазма?

- Мап. Сара сашшрақәа зегьы рҿы иасырбон цәыббра 21 рзы сшынкылаз, жьҭаара 1 азы СИЗО ахь сышнаргаз. Ҳара ҳаӡбахә аӡәгьы издырамызт. Иагьашьҭамызт. Сдукат иажәақәа рыла еилыскааит сыуа-сҭахыра сыԥшаара ишашьҭаз. Егьшырзеилымкаауаз. Ҩымчыбжьа адунеи ҳанымшәа ҳаҟан.

- Имҩаԥысуааз абарҭ аҩымчыбжь?

- Актәи амш азы ҳнапы ҳшьапы ҳаилаԥах ҳҿаҳәан. Иззымычҳакәа икаҳауаз рыпҟон. Ашьапылампыл иасуазшәа иҳасуан. Ҳацәар ҟаломызт. Аҩбатәии ахԥатәии амшқәа рзы ҳҿахәы ҳҿыхны ахара ҳхахьы иаагарц иҳацәажәон. Ирҳәо ҟазымҵоз ахамшҭыхә иҭадыргылон. "Ихтиандр" ахьӡуп – аӡы уҿадырхәхәон акраамҭа, уԥсы анмаҷхалак, аелектрошокер ала ухдыррахь уааргон. Афымца рхы иадырхәон. Ибылуаз ацәеижь афҩы уажәгьы исаҳауашәа сыҟоуп. Уаҟа иҟаз ауаа рнапы ршьапы ҿадырҵәиуан. Схаҭагьы сыжәҩа аҭра иҭырҟьеит, иахьагьы аҭыԥ ахь изымааиӡац. Ауаа кыдҵаны иршьуан. Саргьы знык-ҩынтә сдәылыргахьан уаҳшьуеит ҳәа. Усҟан азы ашьра хақәиҭран, ҳаргьы ҳаршьырц ҳанрыҳәоз ыҟан.

- Абри зегьы ҩымчыбжь рыҩныҵҟа?

- Иааидкыланы фымз рыҩныҵҟа. Убра дыҟан ԥҳәыск, ллахьынҵа здырыр даара исҭахуп. Ольга Иван-иԥҳа лыхьӡуп. Уи ҳара ҳаԥхьагьы днанагахьан. Ҳхы ҳгәы азҭалҵон. Аҟаруал ианимбоз дҳацхраауан. Иҟалап лара лакәзар иҳалымшаша ҳалзыршазгьы.

- Шәыргәаҟра ианбаҟәыҵи?

- Аусӡбарахь ианнеи. Фымз рышьҭахь мап ацәаҳкит ҳаҟазааратә ҭагылазаашьа. Ҳхы ҳахьчарц ҳаӡбеит закәанла. Ус шакәызгьы ҳапҟара иаҟәыҵуамызт.

- Шәызхырыпҟаауааз?

- Даара игәааит иаҳдырҳәахьаз зегь мап анацәаҳк. Анырра ӷәӷәа ҳарҭон. Ҳҭаацәа ндырҵәарашәа ҳарҳәон. Сара ҩыџьа аԥҳацәа сымоуп. Урҭ ирзаауа ҳәа исарҳәоз… убри ауп зегьы иреицәоу. Ҳара иҳахьлакгьы ҳачҳауан, аха угәакьацәа абри аҩыза иҭашәар ҟалоит ҳәа уаншәо зегьы иреицәоуп.

Мариуполь - Sputnik Аҧсны
Мариуполь штурмла агара ҳгәы иҭаӡам - Донецк Жәлар Рреспублика аштаб

- Шәышԥадырбаандаҩи?

- Шьыжьын. Ҳгәыҳҽанӡамкәа иаакылсит. Аҩны иажәланы иныҩналеит. Ак ҳарымҳәеит, адашьма ҳнықәыжьны ҳапҟара иалагеит. Ашьыжь асааҭ жәба инаркны хәылбыҽханӡа абас ауаа ааныркылон.

- Иаанызкылодаз?

- АШәМ аконтрразведкеи "Азови". Дара аус еицыруеит.

- Хәышықәса СИЗО шәҭакын, хәышықәса шәдыргәаҟуазма?

- ООНи Аџьар Ҟаԥшьи рхаҭарнакцәа анҳазнеи ушәартә иҟамызт. Урҭ ашәҟәы ҳҭаргалеит. Уи ашьҭахь ҳаргәаҟра иаҟәыҵти. Ҳара иҳаӡбеит ҳхы ҳахьчарц закәаншьаҭала. Аха азакәаншьаҭа зегь аанарҳәуан: ҳара ҳаужьтәын, иҭактәыз ҳмучацәа ракәын. Асеиԥш ианыҟала ҳҿахә ҿыхра иаҟәыҵит, аус амҩаԥысрагьы шьшьылаҳахеит. Ҳара ҳааҟәымҵӡакәа еиуеиԥшым аусбарҭақәа рахь ашәҟәқәа, ашшыԥхьӡқәа ҳаҩуа ҳалагеит.

- Аџьар Ҟаԥшьи ООНи шәинтерес анбарки?

- 2015 шықәса аԥхынразы. Абри нахыс ҳаргәаҟрагь иаҟәыҵит.

- Шәгәы ишԥаанаго, еиҭа харак шәыдырҵар алшома?

- Иалшоит ҳәа сгәы иаанагоит. Арҭ ахәышықәса рыла имаҷымкәа ирԥаршеиз аполитикатә усқәа аабеит. 258 ахәҭаҷ – "атеррористтә аҽа хәҭаҷк изыԥшааны деиҭаҭаркуеит. Убас ихьит камерак аҿы исыцҭакы Роман Жумаев. Иара илиршеит ахырқьиара, аҩнытә рбаандаҩра аҟынӡа днаргартә иҟаиҵеит аха иҩны инеины дыршьти. Ари системоуп. Закәанла ианузымиааи рметод ҷыдақәа рхы иадырхәоит.

- Шәаԥхьаҟаз планқәаны ишәымозеи?

- Сара Донбасс сынхон, сынҵуан. Уа сыҟазаауеит аринахысгьы. Агәра згоит ҳхьыԥшымра шазхарҵо. Ауаа еилыркаауа иалагеит Порошенко, ихаан иҟаз аҭагылазаашьа. Еилыркаауа иалагеит иахьатәи амчрагьы иалшо шмаҷу. Ус шакәугьы ҳреспублика аԥеиԥш бзиа аиуроуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0