Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Идыруп ашықәс ҿыц аныҳәазы еиуеиҧшым чысхкылеи рыжәтәлеи иҭәуп аишәа. Арҭ зегьы еилазыгӡаз ауаҩы уи аихырсыӷьшьагь идыруазароуп хымҧада. Аҧсуаа еснагь рыфатә, рыжәтә ишацклаҧшуаз ала ашықәс ҿыц раҧхьатәи аҽны азынтәи ршьыжьхьагьы иалкааны иазгәарҭон. Уи аҟны ихадароу агәы абзиара ауп! Раҧхьатәи шьыжьхьагьы гәныҳәа ахьӡын.
Иааидкыланы иара аишәаҿы аҭаацәа реидтәалара, акреицыфара аҵак ду амоуп аҧсуаа рҿы. Уи аиҳабы, аиҵбы ртәашьа, иахьтәо аҭыҧқәа инадыркны, рхымҩаҧгашьа, рыкрыфашьа, аҧхьа акрыфара знапы азыркуа уҳәа. Арҭ ақьабзқәа ирыҵоуп ааӡаратә ҵакы, аҭаацәа реидкылара, рыпатуеиқәҵара.
Аишәа адтәалара – ихадароу традициазар ҟалап аҧсуа ҩнаҭаҿы, аиҳаракгьы аҧсуа асас даниҭоу. Асас Анцәа диҩызоуп рҳәоит, иара аишәа ахаҭагьы Анцәа итәарҭа ҭыҧоуп ҳәа азырҳәоит. Аҧсуа иҩнаҭаҟны аишәа иубарҭоу аҭыҧ азалхуп – аҩны агәҭа еиҵыхны игылоуп. Аишәа ҭацәны ахаангьы иубом, изакәызаалак, џьара шша-мышшак, ма хаатәык уеизгьы астол иқәыргыланы иаанрыжьуеит еснагь.
Аишәа ҵас аҭаацәа реидкылара иасимволны иаарҧшуп ашықәс ҿыц аныҳәа аҧылараан. Ихадароуп аҭаацәа иалахәу зегьы аамҭак азы реидтәалара, аныҳәатә чыс напеицаркра. Ҵакыла еиҳамзар, еиҵам – ашықәс ҿыц азы раҧхьатәи шьыжьхьа ажьырныҳәа аказы аҧсуаа ирымаз аныҳәара гәныҳәа хьӡыс измоу.
Ари аныҳәара раҧхьаӡакәны далацәажәеит Саломон Ажәанба 1955 шықәсазы иҭыҵыз иусумҭа "Аетнографиатә етиудқәа" рҟны. Уи ишиҩуала, "гәныҳәа" - "агәы аныҳәара" иазкуп. Традициала ажьырныҳәа аказы ирӡуан амгьал хагежьаа хәыҷқәа аҭаацәараҿы заҟаҩ ыҟоу рыцыҧхьаӡа аҩныҵҟа кәтаӷьк-кәтаӷьк жәны иагәылаҵаны. Аҭаацәа реиҳабы досу дрыхныҳәауа амгьал досу итәы ргәы инадкыланы "агәы ахьаа Анцәа ишәимҭааит" ҳәа инадиркуан. Иара убас ари амш азы традициала аиҵбацәа аиҳабацәа ҳамҭас ардәына рзааргон. Убри азыҳәангьы аҿар еицлабуан иаҳа еиӷьны ихысуа ҳәа, раҧхьа ардәына еихсны зыҩнаҭа аиҳабы ҳамҭас изҭо ҳәа. Урҭ уи ала реиҳабы иҿаҧхьа рышәарыцаратә ҟазарагьы аадырҧшуан.
Иахьа ари атрадициагьы гәныҳәа ҳәа иҟаз аныҳәарагьы ыӡхьеит, изыхҟьазаалак ҳа ҳҟынӡа изымааӡеит, амҩаҧгара акәым, изгәалашәо ҳәагь уаҩ дубом.
Аха зегьы еицҿакны иазгәарҭо амышьҭа ауп. Акы уаҟаҭәаанӡа, ма аӡә илаҧш уқәшәаанӡа ашьыжь чаӷьак уҿы иҭамҵакәа аҩны удәылҵыр ҟалаӡом рҳәоит. Абас ала шьыжьхьа аныҳәатә аҵых иацызҵо амистикатә ҵакы змоу акы акәны иаанхоит.
Ашьыжь аҭаацәа рхәыҷқәа ыцәанаҵ Аҵаа Бабаду аҧсаӡ иамҵаҵан ирзынижьыз аҳамҭақәа ддырбоит. Еицгәырӷьоит. Ашьыжь аҧшәма дангыло раҧхьа ииҳәо ажәақәа дацклаҧшуазароуп,урҭ аныҳәара ҟазшьа рыҵазароуп. Аиҳабы иҿыи инапи ӡәӡәаны иҭаацәа дрықәныҳәоит. Аҭаацәа зегьы Ҽаанбзиала ҳәа ажәақәа неимырдоит. Иуфо, иужәуа ушақәцәажәо еиҧш ауп иаргьы шузыҳалалхо рҳәоит. Убри аҟнытә ианакәзаалак крыфара уаналаго уныҳәар бзиоуп ҳәа иҧхьаӡоуп.
Иазгәаҭатәуп, жәынгьы ҿангьы аҵх қьафла имҩаҧызгаз рзы ибзиоуп ҳәа ашьыжь ирфон ахарҵәы, ма иӡҩаны иржәуан, иара убасгьы ацха-ӡҩа. Зегь иреиӷьу, уеихыкка уҟазҵо ҳәа иҧхьаӡоу акәац зларжәыз атәани ицаҳәцаҳәо аџьыкапырпыли роуп.
Ари амшгьы агәыла-азла, ауа-аҭынха реиҭанаиааира ишатәу ала иуфо, иужәуа уацклаҧшлароуп, иуҳәогьы иара убас. Уеизгьы-уеизгьы ахпатуақәҵара аҧсуа еснагь иман, ахырҟьарагьы иара ицәаҩаҟазшьам аишәа-ҵас амҩаҧгараҿгьы. Агәы абзиара ҳамазааит зегьы!