Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!
Абар минуҭқәак роуп инхаз ҳгәыҕра дуқәа здаҳҳәало ҩ-нызқьи ҩажәатәи Ашықәс Ҿыц ҳҭаларцаз! Ишаҧу еиҧш, Ашықәс Ҿыц иацуп агәамч ҕәҕәа, агәалаҟара, анасыҧ, аманшәалара, аихьӡара ҿыцқәа!
Иҳаҩсыз ашықәс лыҵшәадамызт. Иҟаҵан ашьаҿақәа ҳтәыла аекономикатә инфраструктура арҿыцра аганахьала, иаарҧшын аҽазышәарақәа ҳақалақьқәеи ҳраионқәеи рхаҿра аиҕьтәразы. Имҩаҧысуан асоциалтә-гәабзиарахьчаратә, аҵара-культуратә обиектқәа ирыгу-ирыбзоу арҽеира. Иҵегь аҽарҭбааит ҳастратегиатә дгылаҩ хада – Урыстәылеи ҳареи ҳусеицура амҽхак. Ашьаҿа ҕәҕәақәа ҟаҵоуп ҳтәыла ашәарҭадара арҕәҕәаразы.
Азҿлымҳара агмызт аҳәаанырцәтәи ҳадиаспорақәеи ҳареи ҳаимадара, Нхыҵ-Кавказтәи аиашьаратә республикақәеи ҳареи ҳаинырра. Аҳәынҭқарратә приоритетқәа ируакны иҟан, иаанхоит ҳбызшәа, ҳҭоурых, ҳатрадициатә культура иҵегь рышьҭыхра, рӡыргара, аҿар активла ҳтәыла ауаажәларратә ҧсҭазаара ралархәра.
Ҳауаажәлар еиуеиҧшым апартиақәеи, аиҿкаарақәеи ирылазаргьы, ирымоу хықәкы хадак ауп – ихьыҧшым, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аиқәырхара, арҿиара. Сгәы иаанагоит ҳажәларгьы Аҧсны анапхгарагьы еилыркаауеит ҳәа уи ада ҧсыхәа шыҟам!