Арубрика "Жәлар рдоуҳа" азы: аҩбатәи ашықәс хыркәшо

© Sputnik / Томас ТхайцукВисячий мост через реку в Акармаре
Висячий мост через реку в Акармаре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаҳхысыз ашықәс инҭагӡаны имҩаԥылгаз аусуразы лхатәы лкаақәа ҟалҵоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Еицылоит аминуҭқәа, асааҭқәа, амшқәа, амзақәа. Убас хьаҳәрада иниаакәкәа ицоит ԥсҭазаарак зыбжьанакыз ашықәс. Шықәсык аҩнуҵҟа досу иԥсҭазаараҿы иҟамлар залшом дзыргәырӷьаша, дзырхәыцша, маҷк илахь еиқәызҵаша уҳәа реиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа. Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа ишьақәдыргылоит махәҭарацәала еиларсу аԥсҭазаара ахаҭа.

Сусанна Тания - Sputnik Аҧсны
Аусура анеилашуа, аамҭа лассы имҩасуеит

Дарбанызаалак ашықәс аҩнуҵҟа имоуп агәҭакқәа, инапы злаку аус аҟны дзыхьӡарц ииҭаху. Имаҷ-иду угәы иҭакны иумоу анузынагӡа агәахәара ду узцәырнагоит. Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, саргьы исҭахуп ашықәс аҩныҵҟа сгәырӷьарақәеи сеихьӡара хәыҷқәеи ртәы шәыцеиҩысшарц.

Sputnik Аԥсны сыԥсҭазаара иахәҭакхеижьҭеи акы – ҩба ҳәа иааԥхьаӡаны ҳазҭало ашықәс азы ҩышықәса ҵуеит. Хаҭала Sputnik анҭыҵтәи аусзуҩцәа среиуоуп, арубрика "Жәлар рдоуҳа" сазааԥсоит. Ари арубрикаҿы ҳҽазаҳшәоит аԥсуаа рҵас-рҟьабз, ржәытә-рҿатә, ҳмилаҭ цәаҩа зыҟәну хкы рацәала астатиақәа разырхиара.

Ҩнызқьи зеижә шықәса иҭагӡаны Sputnik Аԥсны аԥсуа версиаҿы иҭагалоуп еиуеиԥшым атемақәа ирызку сыстатиақәа ҩынҩажәа инарзынаԥшуа. Аиашазы, ас еиԥш иҟоу астатиақәа унарыдыххылан аҩра мариаӡам, еиҳарак урҭ рыҩраҿы са сзы ицхыраагӡоуп аиҳабацәа рыҿцәажәара, иақәнагоу алитература азааҭгылара, иубаз-иуаҳаз аҟнытә иҿыцу акы алԥшаара.

Убас, иаҳхысыз ашықәсазы Sputnik иадызгалаз аматериалқәа рахьынтә иалыскаарц сҭахуп ихадароу, иаҳа исзааигәоу хԥа.

Аҳашба Роберт - Sputnik Аҧсны
Агәырҩеи ахьааи рдаҟьақәа: аибашьҩы Роберт Аҳашба иан лымшынҵа

Актәи астатиа "Агәырҩеи ахьааи рдаҟьақәа": аибашьҩы Роберт Аҳашба иан лымшынҵа. Ари астатиа шьаҭас иаман Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз, ҩажәи хԥа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Роберт Аҳашба иҭоурых зныз иан Дусиа Шьынқәба-Ҳашба лхьаа згәыламӡоз лымшынҵақәа. Астатиа анысыҩуаз сгәи сылаӷырӡи еилаҵәон "Шьҭа блала еибамбо, ҿыла изымеицәажәо, сыҷкәын ҟәыбҷа с-Роберт изкны исҩырц сҭахуп ажәақәак", далагоит абас ан лымшынҵа. Урҭ ацәаҳәақәа уажәыгьы сыбла ихгылоуп.

Аҩбатәи астатиа "Угәы бзиа, ухы бзиа" аԥсуа хәшәқәак рыхҳәаа. Аԥсуа хәшәқәак рыхҳәа аҟаҵаразы сылҭааит Ԥақәашь ақыҭаҿтәи ашкол аҟны ҩынҩажәи жәаба шықәса инарзынаԥшуа рҵаҩыс аус зухьаз, аԥҳәыс аамсҭашәа Елена Коӷониа – Ҭаниа. Лҟнытә ианҵан ацәафара, ахәда хьаа, аканҵыҵыра, абылра ахәшәқәа. Арҭ хәы змаӡам адыррақәа арбан астатиаҿы, зхы иазырхәаша дҟалап ҳәа азыԥхьаӡаны.

"Угәы бзиа, ухы бзиа": аԥсуа хәшәқәак рыхҳәаа

Ахԥатәи астатиа "Шәеидымшылахааит", ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа. Ари астатиаҿы иазааҭгылан ачара арԥшӡараҿы, арлахҿыхраҿы акырӡа зҵаназкуа аҭамада ирольи аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьеи. Аматериал шьақәыргылан акырынтә аҭамадара мҩаԥызгахьо Ԥақәашь ақыҭа инхо, ԥшьынҩажәи жәаба шықәса ирҭагылоу абырг Ардон Ҭаниа иажәақәа рҟнытә. Аиашазы, ас еиԥш иҟоу абырг иҿцәажәара аҟнытә схаҭа иалызгаз рацәахеит.

Шәеидымшылахааит, ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа - Sputnik Аҧсны
"Шәеидымшылахааит", ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа

Ажәа мыцхәы шәасыршьырц сҭахым, абас иҟан ашықәс аҩнуҵҟатәи сылкаа хәыҷқәа. Сгәыӷуеит, иҵагьы аинтерес шәызцәырызгаша астатиақәа разырхиара ҳазшаз исылиршап ҳәа. Акыс ишәыдызгалаша ыҟоуп.

Сыстатиа хыркәшауа Sputnik Аԥсны аусзуҩцәа аԥхьа шәнаргыланы, ҳаԥсуа жәлар зегьы хаҭа – хаҭала, ҩнаҭа – ҩнаҭала ишәыдысныҳәаларц сҭахуп ҳазҭалаз Ашықәс ҿыц. Шәахьыҟазаалакгьы аманшәалареи алахҿыхреи шәыцзааит! Ҽаанбзиала! Ҽааныԥшӡала!

Ажәабжьқәа зегьы
0