Аусура анеилашуа, аамҭа лассы имҩасуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСусанна Тания
Сусанна Тания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ахыркәшарахь ианнеиуа, ишаԥу еиԥш дарбанызаалак ихатәы лкаақәа ҟаиҵоит, ашықәс аҩныҵҟа илшаз илымшаз. Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, саргьы исҭахуп ашықәс аҩныҵҟа сгәырӷьарақәеи сеихьӡара хәыҷқәеи ртәы шәзеиҭасҳәарц.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Иџьоушьаша, аамҭа шаҟа лассы имҩасуазеи?! Унапы аԥслымӡра ианылушьлак зымҩа ишкаԥсо еиԥш. Снаԥшны сааԥшаанӡа Спутник Аԥсны аҿы аусура салагеижьҭеи, акы – ҩба ҳәа иааԥхьаӡаны ҳазҭало ашықәс азы шықәсык ҵуеит. Аиаша шәасҳәоит, шықәсык аԥхьа схаҿы исзаамгар ҟаларын, ари аинформациатә маҵзура акы ала садҳәалахоит ҳәа. Аха ус иҟоуп аԥсҭазаара, иузаанаго уздырӡом.

Новогодняя елка - Sputnik Аҧсны
Аҳәахәдеиԥш икьаҿу ажәабжь: ииасыз ашықәс иазкны

Хырҽхәарас ишәымшьан, аха енагь исҷыдаҟазшьан, бзиа избон сдырра маҷ–саҷқәа ауаа рымадара, убри азыҳәан акәхап сзанааҭҵәҟьала сзырҵаҩхазгьы.

Аха актәи азанааҭ аамҷыдарахазгьы, исоуит аҭагылазаашьа сзызҿлымҳаз смилаҭ ретнографиа, рфольклор, уҳәа избо – исаҳуа, схәыцрақәа зныԥшуа астатиақәа рыҩра. Ус еиԥш иуникалтәу астатиақәа рцәыргаразы Спутник Аԥсны зеиӷьыҟам ҭыԥуп.

Ара аусура еснагь еилашуеит, аусура анеилашуа аамҭа шцо убаӡом. Агәра шәсыргоит. Спутник аусзуцәа – ԥшааҩцәоуп, хықәкыс ирымоуп иҿыцу, аинтерес зҵоу аматериалқәа аԥхьаҩцәа рыдгалара, урҭ ҳкультура радԥхьалара.

Хаҭала стәы уҳәозар, Спутник анҭыҵтәи аусзуҩцәа среиуоуп, арубрика "Жәлар рдоуҳа" сазааԥсоит, сеихьӡарақәагьы цәгьам сҳәартә сылшоит.

Хәарада, дарбанызаалак ауаҩы ихазы иҿыцу акы инапы аналаиклак, иқәманшәалахо даналагалак, наунагӡа ихамышҭуа ацәаныррақәа изыннажьуеит. Ҿыцбарах ибаны Спутник азы ҳмилаҭтә цәаҩа зыҟәну астатиа маҷқәа разырхиара саналага, раԥхьаӡа снапы иҵыҵыз астатиақәа иреиуоуп "Аԥсуаа ржәытә ҭаацәараԥҵареи", "Анымираҳ – ҩыџьа рынцәахәи". Урҭ астатиақәа ааган сыԥхӡаша здыз афилологиатә факультет "абызшәеи алитературеи рзанааҭ" ала аҵара аныхсыркәшоз, ҩ-нызақьи жәибжь шықәсазы исҩыз сдипломтә усумҭа аҟнытә, убри азы еиҳараӡак исзааигәоуп. Сгәы иахәеит аԥхьаҩцәа маҷымкәа иахьроузгьы.

Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Шықәсык иалагӡаны, Sputnik Аԥсны "слаҵеит, срашәеит, аҽаҩра ҭазгалеит"

Уи аахижьҭеи, Спутник Аԥсны аԥсуа версиаҿы иҭагалоуп еиуеиԥшым атемақәа ирызку сыстатиақәа ҩажәеи хәба инарзынаԥшуа. Макьанагьы исымҳәац, изымуц рацәоуп. Сгәыӷуеит, иҵагьы аинтерес шәызцәырызгаша астатиақәа разырхиара ҳазшаз исылиршап ҳәа.

Хазы иазгәасҭарц сҭахуп, зажәа маҷу, аха зус дуу асаит аԥсуа версиа аредақторцәа Радеи Алинеи Жьиԥҳацәа рзы ажәақәак. Арҭ аҭыԥҳацәа асаит азы иазырхиоу аматериалқәа зегьы рыбла ахыргоит, ирылшо зегь ҟарҵоит аԥхьаҩ идгалахо астатиа, ма ажәабжь акы нагымкәа еиқәыршәазарц, уимоу рҿабызшәа хаауп, аус рыцура маншәалоуп, узҵаара ҭакда иаанрыжьуам.

Абас иҟоуп абри ашықәс иҭагӡаны Спутник Аԥсны исызцәырнагаз ацәаныррақәа. Сыстатиа хыркәшауа Спутник Аԥсны аусзуҩцәа зегьы, иара убас, ҳауаажәлар зегь, хаҭа-хаҭала, ҩнаҭа-ҩнаҭала иааиуа Ашықәс ҿыц шәыдысныҳәалоит. Иааиуа ашықәс аҿы бзиарақәас шәхы иадышәкыло зегь нагӡахааит. Шәахьыҟазаалакгьы аманшәалареи алахҿыхреи шәыцызааит! Ҽаанбзиала!

Ажәабжьқәа зегьы
0