00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Амитинг иалахәу еимпырц ргәы иҭаӡам, Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеимҵакәа

© SputnikАмитинг иалахәу еимпырц ргәы иҭаӡам
Амитинг иалахәу еимпырц ргәы иҭаӡам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ахәаша, ажьырныҳәа 10 рзы ақәҵара аднакылеит Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа рымҩаԥгаразы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Аполитикатә партиа "Иаку Аԥсны" (Аоппозициатә мчрақәа рблок иалоу - аред.) Сергеи Шамба Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ахада иалхрақәа рылҵшәақәа изакәаным ҳәа разхаҵаразы иаднакылаз аӡбара ԥсахшьа шамам, уи анрыларҳәа инаркны амч шаиуа.

"Уа еилыкка иҳәоуп Алхратә комиссиа хада аиҭалхрақәа мҩаԥнагароуп ҳәа. АКХ алхрақәа мҩаԥнагароуп Аконституциаҟны иарбоу аҿҳәаразы. Аха даҽа ганкахьала Рауль Ҳаџьымба уи аӡбара дахашшаар ҟалоит, азакәан инақәыршәаны уи иахашшаара аӡбарҭа жәымз иахәаԥшлар ҟалоит", - азӷәеиҭеит Шамба. 

Аоппозициа иқәнаргыло азҵаара хада шыҟац иаанхоит - Рауль Ҳаџьымба имаҵура шаанижьуазы рылеиҳәарц, иҳәеит Сергеи Шамба.

Иара иажәақәа рыла, еизаз ауаа Ахада Иусбарҭа ааныжьны еимпырц ргәы иҭаӡам аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа шышьҭеиҵо рылеиҳәаанӡа.

"Азакәан инақәыршәаны ахада инапынҵақәа наигӡаларц илшоит алхра ҿыцқәа рымҩаԥгаранӡа ҳәа зҳәо ыҟоуп. Аха ҳара еилаҳкаауеит Ҳаџьымба алхрақәа ҟалаанӡа инапынҵақәа шынаигӡоз, аха урҭ рыҿҳәара нҵәеит. Уажәшьҭа ҳара уи хатәгәаԥхарала инапынҵақәа аанижьаанӡа ҳҽаанаҳкылаӡом", - иҳәеит Шамба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0