Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа аҿагыларатә акциақәа рзы аусҭҵаарақәа ирҿуп

© SputnikАԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа аҿагыларатә акциақәа рзы аусҭҵаарақәа ирҿуп
Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа аҿагыларатә акциақәа рзы аусҭҵаарақәа ирҿуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ажьырныҳәа 9 рзы. Урҭ ирылахәыз Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба имаҵура аанижьразы адҵа ықәзыргылаз ауаа амч ахархәарала ахада Иусбарҭа ахыбра рнапахьы иааргеит, актәи аихагылаҿы ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны, акабинетқәа хыла-гәыла еилажьны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Апрокуратура хадеи ААРи алархәны ашьаусԥшааранӡатәии аоператив-ԥшааратәии уснагӡатәқәа рымҩаԥгара иалагеит Аҟәа ақалақь аҟны аиҳабыратә хыбрақәа аԥхасҭа аҭара аиҿкааҩцәеи уи иалахәызи ахаҿқәа рышьақәыргылареи аҭакԥхықәрахь радԥхьалареи рзы. Абри атәы аанацҳауеит АШәМ асаит.

Азинхьчаратә усбарҭақәа иара убас аиҳабыратә уадақәа рҟны иҟаз амаҵзуратә бџьар аӷьычра иалахәу ахаҿқәагьы шьақәдыргыларц ргәы иҭоуп ҳәа азгәаҭоуп. Уи адагьы, амчратә усбарҭақәа рнапы алакуп изакәаным аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рынагӡареи рзы Аԥсныҟа иааз аҳәаанырцәтә тәылауаа рхаҿқәа рышьақәыргыларагьы.

Уаанӡа, Атәыла ахада Иусбарҭа ажәлараан иҟаҵаз аԥхасҭа аӡәы аԥара ахишәаароуп, абри аус изыхәҭаны иҟоу аусбарҭақәа рнапы ианҵатәуп иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.

Аԥыза-министр Бганба иажәақәа рыла, ажәылараан иӡыз ахада имчра атрибутқәа рырхынҳәра алыршоуп, адокументқәа зегьы цифраркны иҟоуп, уи азы урҭ реиҭашьақәыргылара алшоит.

Аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ажьырныҳәа 9 рзы. Амитинг алахәылацәа рнапахьы иааргеит ахада Иусбарҭа ахыбра.

Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба иҳәахьан аусбарҭаҿы ишырдыруа ахада Иусбарҭа акабинетқәа рышәқәа шыԥҽу, абџьар зыҩноу ауадагьы шаарту, абџьар шдәылгоу. Акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку Ахра Аҩӡба уи иашам ҳәа ахиҳәааит. Иара иажәақәа рыла, дара ахыбра аныҩналоз, уи ауада ашә аартны иҭарцәны иҟан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0