Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниаԥҳа еиҭалҳәеит амшьҭа цәгьа аҟнытә аԥсуаа хьыхьчагас ирымаз амаҭәарқәа ртәы

© Sputnik / Томас ТхайцукЦира Габния
Цира Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшьҭа цәгьа аҟнытә аԥсуаа хьыхьчагас ирымаз амаҭәарқәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аҵарауаҩ Цира Габниаԥҳа.
Габниаԥҳа амшьҭацәгьа иазкны: аԥсуаа асас иҟынтә рҽырҵәахуамызт

"Аԥсуаа рҿы жәытә хыхьчагас, абарҭ амшқәа рзы еснагь рыҩны иҩнарҵон, ақәыџьма, амшә, абгахәыҷы уҳәа абнатә ԥстәқәа ацәақәа. Ашықәс ҿыц аухеи, ажьырныҳәа 13 рзы ианаашалаки азы акәын алаԥш цәгьақәа реибарххарақәа зегьы анцоз. Аԥшәма ҳәа аӡәы ибжьы гар, аԥшәма асас диԥылар акәын,  аԥсуаа рҿы аҽыҵәахра ыҟаӡамызт, ҳәарада, зымшьҭа цәгьоу иааира аума аҵанакуан рыԥсҭазаара аиҿкаараҿы, архьысҳараҿы. Аԥшәма абнатә ԥстәқәа рцәа инапы аарыхьшьны, гәаныла "ацәгьа мыцәгьарас акыр ыҟазар, абра уара уҿы иааиуа иҿы инхааит" ҳәа, ҳәаны асас дыиԥылон, уи нахыс иҩнало акыр имышьҭа цәгьазаргьы, уа инхоит ҳәа иԥхьаӡан. Ҳмилаҭ ахьыхьчагас ирымаз иреиуоуп арасамаҵә, аҵәассамахә, ашәчбӷьы", – еиҭалҳәеит Габниаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0