Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьынқәба Ажьырныҳәа иазкны: аҭоурых иагәылган иааго ныҳәоуп

© SputnikБеслан Шинкуба
Беслан Шинкуба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Елыр ныха аныхаԥааҩ Беслан Шьынқәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Ажьырныҳәа аԥсуаа рҿы аныҳәақәа зегьы иаарылыҳәҳәо ишыҟоу.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Шьынқәба Ажьырныҳәа иазкны

"Аԥсуа милаҭ аиха амаӡа Ҳазшаз ианранаишь нахыс, ари аныҳәа ныҳәаны иҟалеит. Ажьира ааигәа аҳәсагьы нарышьҭуамызт, иагьырхыбуамызт. Ажьира абас идыргылон- ахнапы ҳәа изышьҭаз - аԥсынгьери, ажьаҳәа, аура, амра ангыла нахыс иҭашәаанӡа амра ашәахәақәа рықәыԥхо. Ажәакала, аиха амаӡа, аиха рҭәаны иаҳҭаху амаруга алаҳхуа, аԥсуа милаҭ рхы иадырхуа ианалагаз аамҭа иадырҳәалоит, Ҳазшаз ибзоуроуп ҳәа. Азқьышықәсқәа аҭоурых агәымбылџьбара иалган ҳдин иахьа уажәраанӡа иахьааҳгаз, иахьагьы ахархәара ахьамоу зегьы ирхадароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Шьынқәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0