Естониа атәылауаа ргәаанагара: Sputnik аусура аанкылара – цензуроуп

© Sputnik / Александр Гальперин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕстониа атәылауаа ргәаанагара: Sputnik аусура аанкылара – цензуроуп
Естониа атәылауаа ргәаанагара: Sputnik аусура аанкылара – цензуроуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абри аҩыза агәаанагара иазкылсит ателехәаԥшцәа, естониатәи ауаажәларра-зинтә телеканал ETV+ аҟны адискуссиатә теледырраҭара иахәаԥшуаз. Адырраҭара азкын Sputnik Естониа иадгалоу асанкциақәа.

Алексеи Стефанов

Ажьырныҳәа 1 инаркны аредакциа аусзуҩцәа ашьауӷатә шьҭазаара рзухар ҳәа ишәаны Sputnik Естониа, иара убас МИА "Россия сегодня" рыбжьара аилаӡара ԥнаргеит. Урысшәала ицәажәо ателеканал ETV+ ахь инаԥхьан аҭыжьымҭа анапхгаҩы Елена Черышева, Sputnik уаанӡатәи аусзуҩ Александр Лукианов, аевродепутат иабжьгаҩ Иана Тоом, RusDelfi уаанӡатәи аредактор Маргарита Корнышева. Оппонентцәак раҳасаб ала иқәгылеит аҭоурыхтә гәалашәара Аинститут аусзуҩ Сергеи Метлев, астратегиатә коммуникациақәа рексперт Ильмар Рааг, ашәарҭадареи атәылахьчареи Рцентр анапхгаҩы Григори Сенькив.

"Ажурналистцәа ирзырхоу аполитикатәии аекономикатәии санкциақәа цензуроуп. Естониа ацензура азин ыҟам. Sputnik Естониа - амассатә информациатә хархәагоуп, урыстәылатәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" иахәҭакуп. Уи аганахьала санкциа аԥҵам", - лҳәеит Елена Черышева.

Лара иазгәалҭеит аполициа Адепартамент аҟынтәи ашәҟәы аҿы ишарбаз МИА "Россия сегодня" Дмитри Киселиов инапаҵаҟа иҟоуп ҳәа.

"Дмитри Киселиов инапы рыҵеиҩуа сымбацт финанстә документк аҟны. Сара уи инапынҵамҭа збоит Ашықәс ҿыц азы адныҳәалараҟни Март 8 адныҳәалараҟни", - лҳәеит Черышева.

Маргарита Корнышева илҳәеит Евроеидгыла адокументқәа рҟны "анапаҵаҟа аҟазаара" захьӡу шылыԥшааз, аха Дмитри Киселиов урҭ акритериқәа дышрыҵарымкуа.

Дмитрий Киселев - Sputnik Аҧсны
Киселиов Sputnik Естониа дадгыло, афлешмоб ихы алаирхәит

"Иҟоуп ҩ-ԥкырак алалара аԥкреи афеида изҭо аобиектқәеи аресурсқәеи рахь инеиреи. Естониа афеида узҭо ресурсқәаны ажурналистцәа ԥхьаӡазар, азҵаара ҟасҵоит: уи ажурналистцәа рыпрофессионалтә усура аԥкракәӡами иаанаго ҳәа", - азгәалҭоит Маргарита Корнышева.

Аҭоурыхтә гәалашәара Аинститут аусзуҩ Сергеи Метлев иҳәеит амаҵзура аусзуҩцәа журналистцәаны ишимбо. Астратегиатә коммуникациақәа рексперт Ильмар Рааг иҳәеит апортал аркра дшақәшаҳаҭым.

"Естониа дара рҩымҭақәа ирыԥхьоз маҷын. Аус руландаз ишыруаз еиԥш", - иҳәеит иара.

Елена Черышева Sputnik Естониа аусзуҩцәа раԥхьатәи амш инаркны егьырҭ АИХқәа рҟынтәи рколлегацәа ирҿырԥшны рҭагылазаашьа уадаҩын ҳәа лҳәеит.

Александр Лукианов иҳәеит аҵыхәтәантәи аамзы рыҩнуҵҟа 100-120 рҟынӡа статиа инапы ишыҵыҵыз, уа апропаганда абаҟаз ҳәагьы дҵааит. Уи аҭак аӡәгьы изыҟамҵеит.

Брифинг официального представителя МИД России Марии Захаровой - Sputnik Аҧсны
Захарова: Sputnik Естониа ажурналистцәа рыкҿацалара ламысдароуп

Метлев уи иациҳәеит, "апрофессионалцәа, аполициаа, азиндырыҩцәа ргәаанагарала атәыла аҵакыраҿы шәусура ԥкызароуп. Уа шәаиааир – ҳнапы шәзеинаҳҟьап, мап анакәха - шәаркхоит", - ҳәа.

Елена Черышева уи аҭакс илҳәеит "ҳара ҳусура аамҭала иаанкылоуп" ҳәа.

Ильмар Рааг аҭел данас, "апортал аус ауеит" иҳәеит, иџьашьо.

Черышевеи Корнышеви аҽазныкгьы ирҳәеит апортал шаркым, аха Sputnik Естониа аусзуҩцәа ашықәс ҿыц аахыс русураҿы ишыҟам.

Ашәарҭадареи атәылахьчареи Рцентр анапхгаҩы Григори Сенькив иҳәеит Sputnik Естониа анапхгара рынхашәа-финанстә проблемақәа рҭыԥ ирзықәҵом, уажәы ажәа ахақәиҭрала рхы ҿырхырц рҭахуп ҳәа.

Апроблемақәа ииашаҵәҟьаны иҟан. Sputnik Естониа аусзуҩцәа рбанктә ԥхьаӡарақәа адыркуан, ахыбра зтәыз ирҭоз анырра иахҟьаны мап рцәикыр акәхеит.

Урыстәыла ахада Владимир Путин есышықәсатәи ипресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Путин Sputnik Естониа аҭагылазаашьазы: аиаша иахьацәшәо аҭыԥқәа рҟны аус улатәуп

"Естониа апортал ахыԥша амаӡам. Sputnik АИХқәа рҟны апровокациақәа мҩаԥнагоит. Убас исгәалашәоит аррамаҵзура иахысуаз арԥыск иоуз ахәрақәа аурысцәа естониатәи ар рҿы ирышьҭашәарыцоит ҳәа шрыланарҵәаз. Уажәгьы шәахәаԥш иҟоу – џьоукы шәышьҭоушәа, џьоукы шәыршьуашәа заҟа амца аҵашәҵзеи", - иҳәеит Метлев.

Амҩаԥгаҩ Андреи Титов уи дааникылеит – ииҳәо шымцу атәы иҿаԥҽуа. Титов игәалаиршәеит аблог Propastop активистцәа апорталқәа Sputnik Естониеи Baltnewsи раркразы анапаҵаҩрақәа шеизыркуаз.

"Зықьҩык рнапынҵақәа еизгатәын, аҿҳәара шәышнахазгьы  573-ҩык роуп знапынҵақәа шәоуз. Аӡәгьы дашьҭаӡам еиҵашәҟәаҟәо", - иҳәеит  Титов.

Адискуссиа анҵәамҭазы ишиашоу ицо аефир аҿы имҩаԥысуаз азҵаараҭҵаарақәа ҩба рдыррақәа арбан. Sputnik Естониа аусура аанкылара цензуроуп ҳәа иршьеит 90% аҭел иасыз, 57% асоциалтә ҳа Facebook ала зыбжьы зҭииз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0