АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Урыстәыла иҟалоит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ имаҵзура. Уи Владимир Путин Дмитри Медведев идигалоит.
"Ҳара ҳаилацәажәеит ахада иблок аиԥш аиҳабыра рыблокгьы шыҟало. Атәыла ахада зегьы рзы аҭакԥхықәра идуп, еиҳаракгьы атәылахьчареи ашәарҭадареи рызҵаараҿы. Сара Дмитри Медведев сиҳәеит абарҭ азҵаарақәа ихахьы игарц. Хара имгакәа иалагалахоит ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ имаҵзура. Ишдыру аиԥш Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩыс иҟоу атәыла ахада иоуп", - ҳәа Путин иажәақәа аанагоит РИА Новости.
Уаанӡа Урыстәыла аиҳабыра ԥхьатәара ицоит ҳәа аԥыза-министр Дмитри Медведев иажәақәа ҵаҵӷәыс иааго иаанацҳахьан РИА Новости.
Урыстәыла ахада Афедералтә еизарахь инашьҭымҭаҿ Владимир Владимир-иԥа атәылаҿ аԥыжәара змоу аусурақәа рыдагьы Аконституциа аԥсахрақәа ралагалара дазхьаԥшит. Арҭ аԥсахрақәа, дара анрыдыркылалак ашьҭахь, атәыла амчраҿы – анагӡаратә, азакәанԥҵаратә, аӡбарҭатә мчрақәа рҿы аиҭакрақәа цәырыргоит. Абри аан Урыстәыла Аконституциа ахәҭаҷ 117 инақәыршәаны атәыла аиҳабыра ишеибарку ԥхьатәара ицоит ҳәа иҳәеит Медведев.
Владимир Путин атәыла аиҳабыра иҭабуп ҳәа реиҳәеит русуразы, Аминистрцәа реилазаара ҿыц аиҿкаараҟынӡа рнапынҵақәа нарыгӡаларц дрыҳәеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Урыстәыла аиҳабыра ԥхьатәара ицеит
-
Путин иҳәеит "Ан лмал" ажьырныҳәамза инаркны актәи ахәыҷы иираан ишшәахо