Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа: асахьаҭыхыҩ бзиа ибоит ҽаҩраҭагалан - аҩежьрақәа аҟаԥшьрақәа аныҟоу

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Џьапуа
Батал Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа ажьырныҳәа 16 рзы иаадыртуа ацәыргақәҵаҿы тема хадас ишьҭыху.

Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҿы ажьырныҳәамза 16 рзы иаатуеит "Аԥсны. Ихьшәоу ҭагалан" захьӡу ацәыргақәҵа. Уи аҭааҩцәа ирбар рылшоит асахьаҭыхыҩцәа: Диана Хынҭәԥҳа, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Саид Возба, Баҭал Џьапуа русумҭақәа.

Џьапуа: асахьаҭыхыҩ бзиа ибоит ҽаҩраҭагалан – аҩежьрақәа аҟаԥшьрақәа аныҟоу

"Еиҳараӡак Аҟәа акәша-мыкәша аус аауан: Каштак, Алашарбага аҳабла, Ешыра аҩадатәи, аладатәи, Шыцкәара уҳәа аҭыԥқәа рҿы. Ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп Ԥсырӡха, Афон ҳцарц. Аҭыԥқәа рацәоуп уахьцаша, узланеиша амҩақәагьы ыҟоуп, зегьынџьара иманшәалоуп, иагьыцқьоуп. Аҟьамсар улагыланы аус ууа ҳәа иҟаӡам, зегьынџьара ицқьоуп. Уи угәы иаахәартә иҟоуп. Абас еиԥш иҟоуп уажәтәи ҳгеографиа. Аԥсны ҽаҩраҭагалан ԥшӡоуп, ааԥынгьы ус. Аԥхын аиаҵарақәа рацәоуп, аԥштәқәа усҟак ыҟаӡам, зегьы еилашьыхаа иҟоуп. Убри азы асахьаҭыхыҩ бзиа ибоит ҽаҩраҭагалан – аҩежьрақәа аҟаԥшьрақәа аныҟоу, ажәҩан аныиаҵәоу. Убасҟан асахьаҭыхыҩцәа аусура иалагоит, иара абыржәгьы быӷькаԥсан еиԥш иҟоуп ҳаԥсабара, уажәгьы асахьа ҭухыр ауеит. Ҳаргьы ацәыргақәҵа ашьҭахь еиҭах аусура ҳалагоит, избанзар, аԥсабара макьана иԥшӡоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0