Шамба: Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиҿцәажәара алҵшәа аиуеит аҭынчразы аиқәшаҳаҭра ашьҭахь

© Sputnik / Томас ТхайцукСергеи Шамба
Сергеи Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апартиа "Аԥсны акзаара" аиҳабы Сергеи Шамба Аԥсни Қырҭтәылеи реиҿцәажәара алыршаразы игәаанагара иҳәеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik. Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аполитикатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргыларазы раԥхьа аҭынчразы аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩтәуп иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз апартиа "Аԥсны акзаара" анапхгаҩы Сергеи Шамба.

"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭаҟны аиаша аҳәеит, аполитикатә еимадарақәеи рышьақәыргыларазы, урҭ алҵшәақәа роуразы, раԥхьа аҭынчразы аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵароуп. Қырҭтәыла аҟәыҵроуп Аԥсны аоккупациа зызуу тәылоуп ҳәа ахҳәаара, ара Урыстәыла аԥҟарақәа аус руашәа ацәажәарақәа мап рыцәнакыроуп. Дара еилыркаароуп Урыстәылеи ҳареи ҳаззааиз аиқәшаҳаҭра шҳабжьоу, уи ҳшықәныҟәо. Абри аҩыза аамҭа ҟалар, убасҟан ауп алҵшәақәагьы аныҟало. Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиҿцәажәар ҟалом ҳәа агәаанагара иашам. Ус иҟәышу ауаҩы иҳәом", - азгәеиҭеит Шамба.

Шамба иажәақәа рыла, атәыла еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла аиҿцәажәаратә процесс иалахәуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ааилгазар. Ҿырԥштәны аполитик иааигеит 1997 шықәса рзы Владислав Арӡынбеи Едуард Шеварднаӡеи рнапы зҵарҩыз амч ахамырхәаразы амеморандуми, иара убас жәлар рдипломатиа аҩаӡараҟны еиуеиԥшым аиԥыларақәеи.

Сергей Шамба - Sputnik Аҧсны
Шамба: Қырҭтәыла ақәылара уаанӡагьы аҽазнархион

"Ҳара аигәыларатә ҳәынҭқаррақәоуп, хымԥада, акаҿы ҳааибагалароуп", - иҳәеит Шамба.

Ажьырныҳәа 17 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит аҿы аҳәамҭа ӡырнагеит "Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аиҿцәажәарақәа шаҭаху азы Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩцәақәак рганахьала ажәалагалақәа ақырҭуа чынуаа иахырҳәааз" инамаданы.

Аԥсны ААР "иџьанашьеит иаалырҟьаны ақырҭуа мчрақәа аԥсуа ган аҿцәажәара иахьазыхиахаз".

ААР аҳәамҭаҟны иазгәанаҭоит ҩганктәи аиҿцәажәарақәа ҩаԥхьа рхацыркра шалшо абарҭ апроблемақәа рылацәажәара алаҵаны: Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭахкаара аԥыхра, арегионалтә шәарҭадара, аекологиа, егьырҭ агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа, убасҟан ауп Аԥсны аиҿцәажәара ианазыхиахо.

Адәныҟаполитикатә усбарҭаҟны иара убас иазгәарҭеит Аԥсны аполитикатә статус азҵаара аиҿцәажәарақәа рҟны ицәырҵыр шахәҭам.

"Аҩҳәынҭқаррак рыбжьара аизыҟазаашаьақәа рҭышәныртәалара апроцесси Аҟәеи Қарҭи рыбжьара аиҿцәажәара егьырҭ аформақәеи алшоит амч ахамырхәаразы адокумент рнапы анаҵарыҩлак ашьҭахь", - азгәарҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0