Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо, алхрақәа рымзартә план

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в Абхазии
Выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит амчыбжь аҩныҵҟа еиҳа иналукааша ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо ишьақәыргылара, алхрақәа рымзартә план, ашәҟәыҩҩы Адиле Аббас-оӷлы лыԥсҭазаара ларҵра уҳәа ирацәоуп азхьаԥшра зуҭаша.

Sputnik

Ҳаџьымба ԥхьатәара ицареи уи иашьҭанеиуаз ахҭысқәеи

Ажьырныҳәа 12 рзы ԥшьымш рыҩнуҵҟа акциа иалахәыз ауаа аамҭақәак раԥхьа Рауль Ҳаџьымба дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дачахь инеит. Шәҩыла аоппозициа адгылаҩцәа аҳәынҭқарратә дача акәша-мыкәша еизеит, Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵа ҟаҵо.

Иара убри амш аҽны, амҽыша, ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иалнахит аҳәынҭқарра ахада иалхра ҿыцқәа ррыцхә. Урҭ ҟалоит хәажәкыра 22, 2020 шықәса рзы. Азакәан инақәыршәаны, ркандидатурақәа ықәдыргылар ҟалоит акандидатцәа ҿыцқәеи уаанӡатәи акандидатцәеи.

Рауль Ҳаџьымба ахада инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы аҳәамҭа инапы аҵаиҩит - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба ахада инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы арзаҳал инапы аҵаиҩит

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны уаанӡатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Апарламент ԥасатәи адепутат Сергеи Шамба амитинг алахәылацәа ирылеиҳәеит Рауль Ҳаџьымба аҭел дизасны ажәа шииҭаз ԥхьатәара дышцо азы арзаҳал инапы шаҵеиҩуа.

Арзаҳал инапы аҵаиҩит ҳәа Шамба ауаа ирылеиҳәеит. Еилагылаз уи напеинҟьарыла ирыдыркылеит.

Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь ажьырныҳәа 12 рзы арзаҳал наишьҭит инапынҵақәа шышьҭеиҵо ала.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо изы ақәҵара апроект рыдыркылеит.

Аиҭалхрақәа мҩаԥысаанӡа атәыла ахада инапынҵақәа наигӡалоит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба, адепутатцәа ирыдыркылаз Ақәҵара инақәыршәаны.

Ажьырныҳәа 16 рзы атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммед Кьылба иԥьатәара идикылеит аҵыхәтәантәи хатәгәаԥхаралатәи ирзаҳал инақәыршәаны.

Атәыла ахада иалхрақәа рымзар

Аԥсны Алхратә комиссиа хада ажьырныҳәа 15 рзы ишьақәнарӷәӷәеит ахада иеиҭалхрақәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵаразы амзартә план.

АКХ алхранӡатәи аусмҩаԥгатәқәа рплан - Sputnik Аҧсны
Ахада иалхрақәа рҽырзыҟаҵара аплан

Аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рҭаҩреи акандидатцәа рықәыргылареи ҟалоит ажьырныҳәа 22 инаркны жәабран 11-нӡа.

Ахадарахьы акандидатцәа рҭаҩра ҟалоит адокументқәа аналарҵаз инаркны жәамш ирҭагӡаны, аха алхрақәа рыҽнынӡа 30 мшы шагу иахымгакәа, даҽакала иуҳәозар жәабран 21-нӡа.

Алхыҩцәа рсиақәа цәырыргоит алхрақәа жәамш шрыгу (хәажәкыра 12 инаркны). Убри аамҭазы абжьыҭара аамҭеи аҭыԥи алхыҩцәа ирыларҳәоит.

Алхырҭатә ҭыԥқәа ркомиссиақәа алхратә биуллетенқәа рзыршоит хәажәкыра 20, 21 рзы.

Ахада иеиҭалхрақәа рааны абжьыҭара ҟалоит хәажәкыра 22 асааҭ 08:00 - 20:00 рзы.

Валери Бганба аиԥыларақәа мҩаԥигеит

Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара данца ашьҭахь инапынҵақәа рынагӡара Валери Бганба инапы ианырҵеит.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит ажьырныҳәа 15 рзы.

Премьер-министр Республики Абхазия Валерий Бганба провёл совещание, посвященное вопросам текущего состояния электроэнергетических сетей страны - Sputnik Аҧсны
Валери Бганба аилацәажәара мҩаԥигеит

Валери Бганба аилацәажәара аартуа иазгәеиҭеит атәыла ахада ԥхьатәара дцаанӡа ирыдкылоц анорматив-зинтәи егьырҭ актқәеи рынагӡара хымԥадатәиуп ҳәа.

"Аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭақәа зегьы урҭ рнапаҵаҟа иҟоу аусҳәарҭақәеи анаплакқәеи аҳәынҭқарра аусеиҿкааразы русура мҩаԥыргалароуп", иҳәеит Бганба.

Бганба иазгәеиҭеит дара ирус хаданы ишыҟоу атәыла ахада иалхрақәа реиҿкаара.

Иара убасгьы аусбарҭақәа 2019 шықәсазтәи русура аихшьаалақәа ҟаҵаны аҳасабырбақәа Аминистрцәа реилазаарахь инаргароуп.

Аилацәажәара алахәылацәа иара убасгьы иалацәажәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рдепутатцәа ралхра аамҭа лаҵарамзахь риагара хәажәкырамзаз атәыла ахада иалхрақәа инарыдҳәаланы.

Абри азы аԥшьгара Жәлар Реизарахь инаишьҭуеит Валери Бганба.

Қырҭтәыла Аԥсны азханаҵароуп

Ажьырныҳәа 17 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит аҿы аҳәамҭа ӡырнагеит "Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аиҿцәажәарақәа шаҭаху азы Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩцәақәак рганахьала ажәалагалақәа ақырҭуа чынуаа иахырҳәааз" инамаданы.

Аԥсны ААР "иџьанашьеит иаалырҟьаны ақырҭуа мчрақәа аԥсуа ган аҿцәажәара иахьазыхиахаз".

Сергеи Шамба - Sputnik Аҧсны
Шамба: Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиҿцәажәара алҵшәа аиуеит аҭынчразы аиқәшаҳаҭра ашьҭахь

ААР аҳәамҭаҟны иазгәанаҭоит ҩганктәи аиҿцәажәарақәа ҩаԥхьа рхацыркра шалшо абарҭ апроблемақәа рылацәажәара алаҵаны: Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭахкаара аԥыхра, арегионалтә шәарҭадара, аекологиа, егьырҭ агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа, убасҟан ауп Аԥсны аиҿцәажәара ианазыхиахо.

Адәныҟаполитикатә усбарҭаҟны иара убас иазгәарҭеит Аԥсны аполитикатә статус азҵаара аиҿцәажәарақәа рҟны ицәырҵыр шахәҭам.

"Аҩҳәынҭқаррак рыбжьара аизыҟазаашаьақәа рҭышәныртәалара апроцесси Аҟәеи Қарҭи рыбжьара аиҿцәажәара егьырҭ аформақәеи алшоит амч ахамырхәаразы адокумент рнапы анаҵарыҩлак ашьҭахь", - азгәарҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.

Апартиа "Аԥсны акзаара" аиҳабы Сергеи Шамба Аԥсни Қырҭтәылеи реиҿцәажәара алыршаразы игәаанагара иҳәеит.

Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аполитикатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргыларазы раԥхьа аҭынчразы аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩтәуп иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз апартиа "Аԥсны акзаара" анапхгаҩы Сергеи Шамба.

"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭаҟны аиаша аҳәеит, аполитикатә еимадарақәеи рышьақәыргыларазы, урҭ алҵшәақәа роуразы, раԥхьа аҭынчразы аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵароуп. Қырҭтәыла аҟәыҵроуп Аԥсны аоккупациа зызуу тәылоуп ҳәа ахҳәаара, ара Урыстәыла аԥҟарақәа аус руашәа ацәажәарақәа мап рыцәнакыроуп. Дара еилыркаароуп Урыстәылеи ҳареи ҳаззааиз аиқәшаҳаҭра шҳабжьоу, уи ҳшықәныҟәо. Абри аҩыза аамҭа ҟалар, убасҟан ауп алҵшәақәагьы аныҟало. Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиҿцәажәар ҟалом ҳәа агәаанагара иашам. Ус иҟәышу ауаҩы иҳәом", - азгәеиҭеит Шамба.

Шамба иажәақәа рыла, атәыла еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла аиҿцәажәаратә процесс иалахәуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ааилгазар. Ҿырԥштәны аполитик иааигеит 1997 шықәса рзы Владислав Арӡынбеи Едуард Шеварднаӡеи рнапы зҵарҩыз амч ахамырхәаразы амеморандуми, иара убас жәлар рдипломатиа аҩаӡараҟны еиуеиԥшым аиԥыларақәеи.

"Ҳара аигәыларатә ҳәынҭқаррақәоуп, хымԥада, акаҿы ҳааибагалароуп", - иҳәеит Шамба.

Шәышықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Адиле Аббас-оглы

Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Адиле Аббас-оглы лыԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 14 аҽны.

Дом Адиле Аббас-оглы - Sputnik Аҧсны
Лыԥсҭазаара далҵит Адиле Аббас-оглы

Адиле Шахбас-иԥҳа аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы лгәабзиара уашәшәырын, ллымҳа иаҳаӡомызт, лымчқәа акыр икаԥсан.

1938 шықәса рзы Адиле Аббас-оглы "ажәлар раӷа" ҳәа лыхьыӡҵаны Аԥсны дыхцан. 1953 шықәса рзы, 16-шықәса рышьҭахь Аббас-оглы Аҟәаҟа дхынҳәит.

1956 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа лхара лыхнахит. 1957 шықәса рзы Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет далгеит.

2005 шықәса рзы Адиле Аббас-оглы иҭлыжьит аԥсуа жәлар рҭоурых хлымӡаах атәы зҳәоз ашәҟәы "Не могу забыть".

Мшаԥы 24 2020 шықәса рзы Адиле Аббас-оглы 100 шықәса лхыҵуазаарын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0