Аурысфобиеи антисемитизми еицыҿиоит, аха Холокост зегьы рҭыԥ иқәнаҵоит

© AFP 2023 / MENAHEM KAHANAМемориальный музей Холокост Яд Вашем
Мемориальный музей Холокост Яд Вашем - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 27 Холокост иалаӡыз ргәалашәара амш ҳәа ишьақәнарӷәӷәеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ассамблеиа хада 2005 шықәса рзы. Урыстәыла Асистематә анализи азԥхьагәаҭареи рцентр ахада Ростислав Ишьенко иахьа Европа атәылақәак аҭоурых аицакразы рҽазышәарақәа дрыхцәажәоит.

Sputnik

Израиль ауриацәа II Адунеитә еибашьраан афашистцәа изықәдыршәаз ахлымӡаах ахамыршҭразы еиуеиԥшым аусхкқәа мҩаԥыргахьеит, хаҭала – жәларбжьаратәи афорум "Сохраняем память о Холокосте, боремся с антисемитизмом". Ари ауснагӡатә рхы аладмырхәит Польша ахадеи Прибалтика атәылақәеи рхадацәа, Украина ахада Зеленски Израильҟа дышнеизгьы, ауснагӡатә ихы алаимырхәит.

Возвращение имени в Гагре - Sputnik Аҧсны
Гагра араион иатәыз, аконцлагерқәа рыҭҟәаҩцәа 15-ҩык рыӡбахә еилкаахеит

Аполиакцәеи прибалтааи рпозициа украинаа рпозициа ахьазааигәахаз иаанарԥшуеит урҭ иахьатәи аҭоурых разыҟазаашьа. Арҭ аҳәынҭқаррақәа зегьы аурысфобиа рылаҽны иҟоуп, ирҭахуп Гитлер и-Германиа имҩаԥнагаз арыцҳара "асовет рыцҳара" ҳәа ирыԥсахырц. Атезисқәа "ҩ-фронтк рҟны аибашьра", "атоталитартә режимқәа ҩба рҿагылара" еидакылоит Варшавеи Вильниуси, Ригеи Таллини, иара убасгьы Киевгьы.

Холокост аҭоурых узыԥсахуам

Имифтәу "асоветтә оккупациа" польшааи, прибалтааи, украинааи аурысфобцәа еидызкылоны иҟоу арадикал-националтә идеологиоуп, Холокост – аибашьра згәалашәо аҳәынҭқаррақәеи ауааи еиднакылоит.

Ауриақәа ршьуан, индырҵәон изтәылауаҩу иазхьамԥшкәа, аибашьра иалахәызу иалахәымзу иахьмырԥшкәа, ахаҵара-аԥҳәысра, ахәыҷра-адура ҳәа иазхьамԥшкәа. Индырҵәон Европа зегь аҟны. Тәылацыԥхьаӡа афашистцәа ахьыҟаз ишьақәдыргылон рхатәы режим.

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраҿы аиааирагара Ар ҟаԥшь иахьынӡабзоуроу

Убри аан, Аҩбатәи аибашьра ду ахҭысқәа атәылақәа досу ишырҭаху ианалыркаауа ыҟоуп. Иаҳҳәап, англызцәа рзы Диункерк ихыҵра Сталинградтәи аибашьра аасҭа аҵакы аманы иршьоит. Аха убри аан Холокост еиԥшны иазнеиуеит. Ари арыцҳара дуӡӡа иалнаршом аҭоурых адаҟьақәа аиҭахҩылаара рзура.

Ус шакәугьы, Прибалтика, Варшава, Киев иахьазы иҟоу амчрақәа аибашьраанӡатәи арежимқәа рахь ихьаԥшуеит урҭ арежимқәа шамахамзар Гитлер ишидгылоз атәы мҳәаӡакәа. Арҭ арежимқәа зегьы арусофобиа рылаҽны иҟоуп, "асовет оккупациа" аидеиа аԥыжәара арҭар рҭахуп.

Аибашьра ахамшҭра арҭ арежимқәа ридеологиатә ҵаҵӷәы ҵнашәаауеит, аиҳаракгьы Холокост. Асоветтәии анемецтәи тоталитаризм акоуп ҳәа егьа уҳәаргьы, Холокост зегьы рҭыԥ иқәнаҵоит. Адунеи зегьы аҿы ауриацәа нзырҵәоз анацистцәа роуп, еиқәзырхоз – СССР ауп.

Аҭоурых зхашҭыз иԥеиԥш еиқәаҵәахоит

Холокост аҭоурых здырырц зҭаху зегьы рҿаԥхьа иаагыло анацисттә концлагерқәа ракәхоит.

Постоянный представитель Российской Федерации при Организации Объединённых Наций Василий Небензя выступает на открытом заседании совета безопасности ООН в Нью-Йорке. - Sputnik Аҧсны
Небензиа ООН ашәарҭадаратә Хеилак аҿы иколлегацәа аҽыԥныҳәа риҭеит

Холокост ала аҭоурых аҭҵаара иалаго дарбанызаалак дазкылсуеит ари анацисттә режим имҩаԥнагоз антисемиттә ҿагылара адагьы ауаҩытәыҩса зегь ирҿагылоз акакәны ишыҟаз. Иагьеилукаауеит СССР Европа ажәларқәа ақәӡаареи афашизми ишацәырыхьчаз. Иаиааиз, ахақәиҭра аазгаз оккупантны ҟалашьа имаӡам. Уи ашьҩы ивараҿы гылашьагьы имаӡам.

Абри азоуп СССР анацизм ишаиааиз аҵабыргхаҭа хазҵар зҭахым Холокостгьы агәалашәара рыҽзацәхьаркуа.

Аҭоурых ахаршҭра, амнезиа, аурысфобиа, антисемитизм хеибарҭәааны, рнапы еибаркны аиашара рыҵадырӡырц рҽазыршәоит.

Убри ауп Израиль Владимир Путин изрыдигалаз ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак атәыла-лахәылацәа реиԥылара мҩаԥгазарц адунеитә шәарҭадара алацәажәаразы.

"Иаҳхысхьоу ахаршҭра ахылҿиаа бааԥсқәа аиур ҟалоит. Ҳара иҳалҳаршароуп адунеи ахьчара", - иҳәеит урыстәылатәи ахада.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0