Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шамба еиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа рколлегацәеи дареи реимадара атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукМсаусҭ Шамба
Мсаусҭ Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Мсаусҭ Шамба аҳазалхҩы жәларбжьаратәи имш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟнытә рколлегацәеи дареи ирыбжьоу аимадара атәы.
Шамба еиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа рколлегацәеи дареи реимадара атәы

"Ҳәарада, ҳазхазҵаз аҳәынҭқаррақәеи ҳареи аимадара ҳабжьоуп, еиҳарак Урыстәылатәи афедералтә ҳазалхратә маҵзуреи ҳареи ҳабжьара. Аимадара ҳабжьан азхаҵара ҟалаанӡагьы, аха аофициалтә ҟазшьа амамызт. 2008 шықәса инаркны уи иаҳагьы иӷәӷәахеит, раԥхьаӡа иргылан ҳкадрқәа реиҵааӡараҿы. Москва иҟоу аҳазалхратә академиа иалгахьеит 50-ҩык рҟныӡа, урҭ қәҿиарала ҳара ҳҿы аусура иаҿуп. Егьырҭ ҳазхаҵаз аҳәынҭқаррақәеи ҳареи усҟак ҳаимадамзаргьы, аҳазалхҩы жәларбжьаратәи имш азы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимаҳдоит. Шьамтәылеи ҳареи ҳусеицуреи ҳаимадареи макьана ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп, ус еиԥш ҳақәгәыӷуеит. Ҭырқәтәылеи ҳареи ҳакәзар, зынӡаск иҳабжьам, ус еиԥш ажәалагалақәа макьана иаҳбом, аха иҟоу атауареикәшара ашәҟәқәа иҭагалоуп. Урыстәылеи ҳареи ҳтауареикәшара зегь реиҳа ирацәоуп, 80% рҟынӡа инаӡоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Шамба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажьырныҳәа 26 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит аҳазалхҩы жәларбжьаратәи амш.

Ажәабжьқәа зегьы
0