Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба: анхацәа амш злаҟоу ала ақыҭанхамҩатә усурақәа ишраамҭоу еилыркаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТамаз Цвижба
Тамаз Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы анхацәа имҩаԥырго аусқәа ртәы.

Арадио Sputnik Аԥсны ихацнаркит арубрика ҿыц "Мышкы раионк аԥсҭазаара аҟынтә". Уи аҳәаакәа ирҭагӡаны Аԥсны араионқәа зегьы мчыбжьык ахь знык ирзарбоу амш аан еилаҳкаалоит ақыҭанхамҩа, акультура, аҵарадырра, агәабзиара уҳәа аԥсҭазаара ахырхарҭақәа зегь рыла рнапы злаку аусқәа шцо. Гал араион иамшны иазгәаҭоуп ашәахьа.

Ҵәыџьба: анхацәа амш злаҟоу ала ақыҭанхамҩатә усурақәа ишраамҭоу еилыркаауеит

"Ақыҭанхамҩа иадҳәалоу ауааԥсыра иахьа амш зеиԥшроу ала ирбоит аусурақәа ишраамҭоу. Анхацәа ррасаҭрақәа, рмандаринаҭрақәа ррыцқьара иаҿуп. Ҳаргьы ақыҭақәа ҳрылоуп ирыцқьатәу, ишыҟаҵатәу рзеиҭаҳҳәоит. Ахәаҷақәа сынтәа заа ицәырҵыр ҟалоит, аԥхарра злаҟоу ала, уи аҟнытә уажәгьы аизгара иаҿу дубап, аҩнаҭақәа рҿы, аҭуанқәа рҿы, абыржә ишыцәоу шаҟа ҳазкуа иаҳагьы еиӷьуп. Ажьгьы аилыхра иаҿугьы дубап, иара ахатә ԥҟарақәа амоуп аҟнытә, аҵаа ҟалар иаԥырхагахар алшоит, макьана иалымкьысырц рабжьаҳгоит, ргәырҽанаҳҵоит. Абасала, аусбарҭа аусзуҩцәа зегьы анхацәа ҳрылоуп, ҳаҽшаны аусура ҳаҿуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҵәыџьба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0