Артефактқәа ҳамҭас: Аԥснытәи аҳәынҭмузеи аекспонат ҿыцқәа аиуит

© Sputnik / Томас ТхайцукАжәытә еихамаҭәахәқәа
Ажәытә еихамаҭәахәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаиуз аекспонат ҿыцқәа XIX-XX ашәышықәсақәа ирыҵаркуеит рҳәеит аҵарауаа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аекспонат ҿыцқәа аиуит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит амузеи адиректор Аркади Џьопуа.

Артефактқәа амузеи иеиҭеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аусзуҩ Сергеи Хьыбба. Иара акрааҵуеит ажәытә маҭәахәқәа еизигоижьҭеи.

"Сара схатә музеи аартра сгәы иҭам. Исымаз аҵәах амузеи иасҭарц сыӡбеит. Ари амузеи иаҭаауеит ҳара ҳастудентцәагьы", - иҳәеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи аҳәынҭмузеи артефактқәа азҭаз Сергеи Хьыбба
Артефактқәа ҳамҭас: Аԥснытәи аҳәынҭмузеи аекспонат ҿыцқәа аиуит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҳәынҭмузеи артефактқәа азҭаз Сергеи Хьыбба

Амузеи адиректор Аркади Џьопуа иазгәеиҭеит амузеи аколлекциа аизҳара шгәахәа дуу.

"Угәы иамыхәарц залшом амузеи ахь, аҭоурых ахь иааирԥшыз аҳаҭырқәҵара. Ҳауаажәлар рзы иҿырԥшыгоуп. Имаҷҩымзар ҟалап абасеиԥш ажәытә маҭәар змоу ауаа, аха урҭ амузеи ахь раагара ахәҭаны ирбом. Ҭабуп ҳәа иасҳәоит Сергеи Хьыбба", - иҳәеит адиректор.

Амузеи аетнографиатә ҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Инга Шамԥҳа илҳәеит XIX-XX ашәышықәсақәа ирыҵаркуа амаҭәарқәа ҭоурыхтәқәаны ишыԥхьаӡоу.

"Иарбанзаалак амаҭәар аинтерес амоуп. Иааигаз рҩызцәа аабахьеит, аха иҟоуп маҭәарк зызку ахьҳзеилымкааз. Аетнографцәа уи ҳаилдыркаап ҳәа сыҟоуп", - лҳәеит лара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАжәытә еихамаҭәахәқәа
Ажәытә еихамаҭәахәқәа - Sputnik Аҧсны
1/5
Ажәытә еихамаҭәахәқәа
© Sputnik / Томас ТхайцукАшәарыцала ахәдамаҟа
Ашәарыцала ахәдамаҟа - Sputnik Аҧсны
2/5
Ашәарыцала ахәдамаҟа
© Sputnik / Томас ТхайцукАуаса зладырҟәыдуаз амыркатыл
Ауаса зладырҟәыдуаз амыркатыл - Sputnik Аҧсны
3/5
Ауаса зладырҟәыдуаз амыркатыл
© Sputnik / Томас ТхайцукАҽеимаа
Аҽеимаа - Sputnik Аҧсны
4/5
Аҽеимаа
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳәынҭмузеи иарҭаз ажәытә еихамаҭәахә
Аҳәынҭмузеи иарҭаз ажәытә еихамаҭәахә - Sputnik Аҧсны
5/5
Аҳәынҭмузеи иарҭаз ажәытә еихамаҭәахә
1/5
Ажәытә еихамаҭәахәқәа
2/5
Ашәарыцала ахәдамаҟа
3/5
Ауаса зладырҟәыдуаз амыркатыл
4/5
Аҽеимаа
5/5
Аҳәынҭмузеи иарҭаз ажәытә еихамаҭәахә

 

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаиуз амаҭәарқәа иреиуоуп абгақәа рышьҭашәарыцараан ала иамӷарҵоз иҷыдоу ахәдамаҟа, уи иаакәыршан иамоуп аихатәы ацқәа. Уи зыҟарҵоз алеи абгеи еибафозар, абга ашәарыцала ахәда акра алымшарц азакәын. Уи адагьы, амузеи иарҭеит ауасақәа рзладырҟәыдуаз амыркатыл, амҿыршьшьага, аҽеимаақәа уҳәа ажәытә маҭәарқәа рацәаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0