"Интер РАО": аилахәыра Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭразы еилаӡарак бжьанамҵацт

CC0 / / ЛЭП
ЛЭП - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистррагьы "Интер РАО" Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аанашьҭуеит ҳәа шьақәнарӷәӷәом.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik. Аилахәыра "Интер РАО" аҟны "Интер РАО" Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭра мҩаԥнагоит ҳәа иҟоу аинформациа шьақәдырӷәӷәом. Абри атәы арадио Sputnik иазааицҳаит "Интер РАО" апресс-маӡаныҟәгаҩ Николаи Горелов.

"Аԥснытәи аилахәырақәеи ҳареи еиқәшаҳаҭра ҳамаӡам абри аганахьала. Сгәы иаанагоит "Коммерсантъ" агха ахьит ҳәа", – иҳәеит Горелов.

Асеиԥш ажәалагала ҟарҵахьазма ҳәа иҭаз азҵаарагьы аҭак изыҟамҵеит, иара убасгьы аԥснытәи агани аилахәыреи аилацәажәара рымоума ҳәа азҵаара аҭак аҟаҵарагьы иҽацәхьеикит.

ЛЭП - Sputnik Аҧсны
Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭра аҿҳәара нықәырԥшшәа ирҳәеит

Афымцалашара Адлернтәи Аԥсныҟа Афымцамҩангаратә цәаҳәа "Салхони" ала аашьҭра иалагоит Урыстәыла афымцамч аимпорт-експорт мҩаԥызго аоператор "Интер РАО". Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аушьҭра иалагоит жәабран 1 инаркны ҳәа аҩуеит агазеҭ "Коммерсантъ".

Агазеҭ "Коммерсантъ" адыррақәа рыла Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аушьҭра иалагоит жәабран 1 инаркны. "Интер РАО" иаанашьҭуа афымцалашара ахәԥса 2 мааҭк иаԥсахоит киловатт-сааҭк азы.

Ари аинформациа аекономика аминистрраҿы ишьақәыдмырӷәӷәеит. Аԥсны иҟоу аамҭалатәи аенергодефицит ахҩара азҵааразы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи Урыстәыла Афымцамч аминистр Александр Новаки ҭелла еицәажәеит ажьырныҳәа 29 рзы.

Александр Новак иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа рыӡыбрала урыстәылатәи аган иахәҭаны иҟоу аструктурақәа адҵа рнаҭахьеит ҳәа. Аха абри ашьҭахь уаҳа дыррак ыҟам ҳәа рҳәеит аминистрраҿы.

"Амшынеиқәафымцамч" аҿы акәзаргьы "Коммерсантъ" иҟанаҵаз аинформациа шьақәдырӷәӷәом.

Лампочка  - Sputnik Аҧсны
Аекономика аминистрра: Урыстәылантәи афымцалашара аашьҭра арыцхә шьақәыргылам

Аԥсны ажьырныҳәамзазы Урыстәылахь аҳәара ҟанаҵеит атәылахь афымцалашара аашьҭразы, Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿу инамаданы. Уажәы уа аӡы аҩаӡара 439 метра иҟоуп. 420 метранӡа ианлеилак, афымцастанциа аусура ааннакылоит. Убри азыҳәа ажьырныҳәа 27 инаркны Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәо иалагеит. АУН "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара аграфик рыланаҳәеит. Есҽны ахархәаҩцәа ҩынтә ҩба-ҩба сааҭ фымцалашара иаанхоит.

Аӡы аҩаӡара мышкы иалагӡаны метрак аҟынӡа илаҟәуеит. Аԥхьаӡарақәа рыла афымцалашара мышктәи ахархәара 4,5 миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа еиҵатәымхар, ма урыстәылантәи иаагамхар, жәабран 10-12 рзы астанциа аус амур ҟалоит, ма уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ҩба-хԥа сааҭ аус аулоит.

ЕгрыГЕС ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ақәоура маҷуп. Иахьынӡаԥхарраз афымцамч ахархәара уахыки-ҽнаки рыла 8 - 8,5 миллион киловатт-сааҭ ыҟан. Ишаахьҭахаз, уи еиҳагьы иацлеит.

Бганбеи Новаки реицәажәара ашьҭахь ауснагӡатә амҩаԥысшьа ахылаԥшра инапы ианҵан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

2019 шықәса рзы Урыстәылантәи афымцалашара Аԥсныҟа аашьҭра ахәԥса 190 миллион мааҭ артәеит. 2016 - 2017 шықәсқәа раан – 771,812 миллион мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0