Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьиа аӡынтәи ахьҭалаларақәа рзы: Очамчыра араион ашколқәа рҟны уадаҩра дук ыҟам

© Фото : из личного архиваФеликс Џьынџьиа
Феликс Џьынџьиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҵараҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашколқәа рҟны аӡынра аҵара процесс аҟны еиҭакрақәак ҟало иҟамло атәы.

Арадио Sputnik Аԥсны ихацнаркит арубрика ҿыц "Мышкы раионк аԥсҭазаараҟынтә". Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны есымчыбжьа Аԥсны араионқәа рыцыԥхьаӡа ҽнак-ҽнак рзалхны еилаҳкаалоит уа ақыҭанхамҩа, акультура, аҵарадырра, агәабзиара уҳәа аԥсҭазаара ахырхарҭақәа зегь рыла рнапы злаку аусқәа шцо.

Очамчыра араион иамшны иазгәаҭоуп асабша.

Џьынџьиа аӡынтәи ахьҭалаларақәа рзы: Очамчыра араион ашколқәа рҟны уадаҩра дук ыҟам

"Ахәаша иаҳзырбаз аамҭа инақәыршәаны араион ашколқәа рнапхгаҩцәа алархәны аизара ҳаман. Аҵара-ааӡара аус инамаданы еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳрылацәажәон, амаҭәартә олимпиада амҩаԥгарагьы ҳазааҭгылеит. Уадаҩра дук ҳраион аҟны иҟам, Ҷлоутәи ашкол аиҳабы илҳәеит ахьҭалараларақәа ирыхҟьаны 20-25 раҟара аҵаҩцәа ашкол иагхеит ҳәа. Есуажәааны аӡынра ус ианыҟало ыҟоуп, егьыс ашколқәа аҳаркуа рҟынӡа ашәарҭара ыҟам, аус шыруц ируеит, аҵара аанаҳкылартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам", - иҳәеит Џьынџьиа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аплан инақәыршәаны араион аҟны амаҭәартә олимпиада мҩаԥыгараны ишыҟоу.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0