Аҳәеилышьразы атурнир аҿы аԥсуа спортсмен актәи аҭыԥ никылеит

© Foto / Олег Орлов Аҳәеилышьразы атурнир аҿы аԥсуа спортсмен актәи аҭыԥ никылеит
Аҳәеилышьразы атурнир аҿы аԥсуа спортсмен актәи аҭыԥ никылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш азы Урыстәыла, ақалақь Шәача имҩаԥысит аҳәеилышьразы атурнир.

АҞӘА, жәабран 3– Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥснытәи аспортсмен Алим Пилипенко шәачатәи аҳәеилашьразтәи атурнир аҿы актәи аҭыԥ никылеит. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит аҳәеилышьратә школ азыҟаҵаҩ Иури Орлов.

© Foto / Олег Орлов Аҳәеилышьразы атурнир аҿы аԥсуа спортсмен актәи аҭыԥ никылеит
Аҳәеилышьразы атурнир аҿы аԥсуа спортсмен актәи аҭыԥ никылеит - Sputnik Аҧсны
Аҳәеилышьразы атурнир аҿы аԥсуа спортсмен актәи аҭыԥ никылеит

"Аҳәеилышьразы шәачатәи ашколи ҳареи аинырра бзиа ҳамоуп. Уахь ҳнарыԥхьеит. Алим ицықәгылон 35 спортсмен. Афинал аҿы анеиразы 12 қәгылара мҩаԥигеит. Ахԥатәи аҭыԥ азы ақәгылара акыр иуадаҩын, аха ҳаспортсмен аиааира илыршаны афинал ахь днеит. Алим афинал аҿгьы ихы бзианы иааирԥшит, аиааира игеит", - иҵаҩы дихыҽхәоит азыҟаҵаҩ.

Аҳәеилышьцәа рзы аиԥш зеиԥшуц атурнирқәа аҵак ду рымоуп – аԥышәа рнаҭоит, рҟазара еизнарҳауеит. Аԥснытәи аҳәеилышьратә школ аԥаразоужьра ахьамам азы имаҷуп ареспублика анҭыҵ аиндаҭларақәа рахь ианцо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0