Шабаҭ Логәуеи Сербиатәи ашьапылампылтә клуби аилаӡара рыбжьарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукФинальный матч Кубка Абхазии по футболу между Сухумским "Нартом" и гудаутской "Рицой" на столичном стадионе "Динамо"
Финальный матч Кубка Абхазии по футболу между Сухумским Нартом и гудаутской Рицой на столичном стадионе Динамо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахьчаҩбжа изы "Тиумен" ахь аиасра Аԥсны анҭыҵ раԥхьаӡа акәны инапы зҵаиҩыз контрактын. Ари аклуб аҿы иара 88-тәи аномер ала дыхәмаруан.

АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Шабаҭ Логәуеи Сербиатәи ақалақь Бачка-Паланка ашьапылампылтә клуб "Бачкеи" аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит аспортсмен ихаҭа.

Шабаҭ Логәуа ашьапылампылтә клуб Тиумен ахәмарыҩс дыргеит - Sputnik Аҧсны
Шабаҭ Логәуа ашьапылампылтә клуб "Тиумен" ахәмарыҩс дыргеит

Иара иажәақәа рыла аиқәшаҳаҭра ҿҳәарас хышықәса амоуп. Уажәы иара Хорватиа дыҟоуп, аиҩызаратә хәмаррақәа иҽырзыҟаиҵоит.

"Аилаӡара снапы аҵазҩит аклуб аԥеиԥш аманы иахьысшьо азы. Иара аизҳара сара сеизҳарагьы иацхраауеит. Уажәы аклуб апремиер-лигахь анеира аҽазнашәоит", - иҳәеит ашьапылампыласыҩ.

Аԥсны иеизгоу акоманда ахьчаҩбжа Шабаҭ Логәуа 2019 шықәса нанҳәа 21 рзы акоманда "Тиумен" ахь дшиасуа азы аконтракт инапы аҵаиҩит. Ари аклуб аҿы иара 88-тәи аномер ала дыхәмаруан.

Шабаҭ Логәуа уаанӡа аҟәатәи "Нарҭ" аҟны дыхәмаруан, уи акоманда даланы ачемпионтә титулқәа ҩба дрыԥсахахьеит, ҩынтә Аԥсны Ахраҿа ианаршьахьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0