Асанитар-карантинтә гәыԥ Егрытәи аҳәааҟны хәҩык аимҳәа зыхьуа ауаа ааннакылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Грузино-абхазская граница
Грузино-абхазская граница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асанитар-карантинтә гәыԥ Егрытәи аҳәааҟны аус ауеит ажьырныҳәа 15 инаркны хәажәкыра 1 аҟынӡа.

АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik. Асанитар-карантинтә гәыԥ Егрытәи аҳәааҟны хәҩык аимҳәа зыхьуа ауаа ааннакылеит ҳәа еиҭалҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

Ажьырныҳәа 15 инаркны жәабран 3 рҟынӡа аҳәаа наҟ-ааҟгьы иахысит 11 900-ҩык. Есыҽны аҳәаа иахысуеит 600-800-ҩык ауаа.

Грузино-абхазская граница - Sputnik Аҧсны
Егры аҳәааҿы аҿкычымазарақәа раԥырҟәҟәаразы апрофилактикатә усурақәа мҩаԥыргоит

"Ажьырныҳәа 15 инаркны жәабран 3 рҟынӡа аҳәаа наҟ-ааҟгьы иахысит 11 900-ҩык. Аҳәаа иахысуа ауаа ршора ршәоит, авирус ҟазшьа змоу чымазарк рыманы агәаанагара ҟалар амобилтә лабораториаҿы афлиуорографиатә гәаҭара рзыҟарҵоит", - лҳәеит Скорик.

Лара лажәақәа рыла иҷаԥшьо амедикцәа апрофилактикатә усурақәа мҩаԥыргоит Қырҭтәылантәи иарбанызаалак вирус ҿкык ареспубликахь имиасырц.

Ажьырныҳәа 10 рзы Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра аусԥҟа ҭнажьит аҳәааҟынтә авирустә ҿкычымазарақәа ареспубликахь рааира азыԥхьагәаҭараз апрофилактикатә усурақәа мҩаԥгазарц.

Аминистр идҵала аҳақьымцәа рыҷаԥшьаратә гәыԥ аус ауеит хәажәкыра 1 аҟынӡа, аха аҭагылазаашьа аҽеиҭанакыр, аҿҳәара инахахар ҟалоит лҳәоит Скорик.

Асанитартә ҳақьым лажәақәа рыла абри аамҭазы ииасыз ашықәс аамҭахҵәаха иаҿурԥшуазар, ареспиратортә чмазарақәа рхыԥхьаӡара еиҵоуп. Уи лара издылҳәало ауааԥсыра еиҳа амедицинатә усҳәарҭақәа рахь заа идҵаало иахьалагаз ауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0