Амилаҭтә банк 2018 шықәса рзы Аҵәахырҭатә банк аҿы аӷьычрақәа шыҟаз атәы аҳәахьан

CC0 / / Деньги
Деньги - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны апрокуратура хада агәаҭара иалагеит 2017 шықәса рзы Аҵәахырҭатә банк аҟынтәи 730 миллион мааҭ бжьаӡит ҳәа иҟоу аинформациа.

АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Амилаҭтә банк 2018 шықәса рзы Аҵәахырҭатә банк аҿы 730 миллион мааҭ аԥараӷьычра аҭыԥ аман ҳәа адырра ҟанаҵахьан. Абри атәы иҳәеит Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Банкомат  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апрокуратура хада Аҵәахырҭатә банк аҿы аҭыԥ змоу аԥарафара ҭнаҵаауеит

2017 шықәса абҵарамзазы Амилаҭтә банк аӡбарала Аҵәахырҭатә банк аҿы аамҭалатәи анапхгараҭара еиҿкаан. Ари мзызны иаман аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы 500 миллион мааҭ рҟынӡа ацәыӡқәа ахьаарԥшыз. Аамҭалатәи анапхгараҭара аус руан 2018 шықәса цәыббрамзанӡа.

"Амилаҭ банк аҟынтәи аҟазауаа шықәсыбжаки нарзынаԥшуа Аҵәахырҭатә банк аҟны агәаҭарақәа мҩаԥыргон, аинвентаризациа ҟарҵеит. Аҭагылазаашьа анҭырҵаа ашьҭахь Апрокуратура хадахь аинформациеи аматериалқәеи нашьҭын. Убриижьҭеи зыҳәақәак аашьҭымзар, ус дук ҟаҵамызт. Активла аусҭҵаара ианалагаз уажәоуп", - иҳәеит иара.

2017 шықәса абҵарамзазы Амилаҭтә банк аӡбарала Аҵәахырҭатә банк аҿы аамҭалатәи анапхгараҭара шеиҿкааз атәы шьақәирӷәӷәеит Аҵәахырҭатә банк ахантәаҩы Роберт Агрба.

"Сара изныкымкәа аусҭҵаара шцо сазҵаахьан. Ашықәс ҿыц аԥхьа Апрокуратура хада аусзуҩцәа адокументқәа иеиҭарыҳәеит. Сара исымаз ашәҟәқәа зегьы рысҭеит", - иҳәоит иара.

Апрокуратура хадаҿы мапгьы рзацәымкит иагьырзышьақәмырӷәӷәеит Амилаҭтә банк 2018 шықәса рзы азыҳәа шырзынанашьҭхьаз аганахь ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0