Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сангәлиа еиҭеиҳәеит Тҟәарчалтәи атеатр аԥсы ҭаны иаанхартә еиԥш иҟаҵатәу

© Sputnik / Томас ТхайцукСырбей Сангулия
Сырбей Сангулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи акомедиатә театр асахьаркыратә напхгаҩы Сырбеи Сангәлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит атеатр ақәыргыламҭақәа Тҟәарчал анҭыҵ дырбара ишхымԥадатәиу.
Сангәлиа еиҭеиҳәеит Тҟәарчалтәи атеатр аԥсы ҭаны иаанхартә еиԥш иҟаҵатәу

Арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Ҳраионқәа рыԥсҭазаара" аҳәаақәа ирҭагӡаны, амҩаԥгаҩцәа есыҽны еилыркаалоит араионқәа рҿы ақыҭанхамҩеи, акультуреи, аҵарадырреи, аспорти рҟны иҟоу аихьӡарақәеи, аҿыцрақәеи, раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы. Тҟәарчал араион иамшны иазгәаҭоуп ахаша.

"Ари ашықәс азы ишьақәҳаргыларц азгәаҳҭеит ес-хәаша Тҟәарчал ақалақь аҿы, ахәаԥшҩы излауа ала дыԥшааны, деиҿкааны, аспектакль иамшуп ҳәа иԥхьаӡаны ҳрепертуар аҿы иҟоу ақәыргыламҭақәа ҳахәмарлац. Ҳара иҳамоуп аспектакльқәа рацәаны, аха акадрқәа разымхара иахҟьаны иахьа рыбжоуп ицартә еиԥш алшара змоу. Уажәы ҿыц иҭҳажьыз, уажәтәи акәымкәа иаауа амчыбжь азы идҳарбараны ҳаҟоуп. Уажәтәи акәзар, идҳарбоит "Аилага" Валери Касланӡиа иҩымҭа иалхны иҟаҵоу. Егьыс ҳара иҳамаӡам алшара Тҟәарчал мацара ахәамаррала атеатр аԥсы ҭаны иаанхартә еиԥш аҟаҵара. Аспектакль умыхәмарлар, иага ибзиан иқәургылазаргьы, зегь дара роуп лассы-лассы ахәаԥшҩы иахь ицәырымҵуа ианаламга хәыҷ-ҳәыҷы ихәыԥсаауеит, ибжьаӡуеит. Убри аҟнытә иӡбан мчыбжьык ахь знык инеиҭныԥсах-ааиҭныԥсахуа иҳамоу аспектакльқәа Тҟәарчал анҭыҵ ахәмарра. Иара ахәаԥшҩыгьы уахьоуп иаҳа дахьыҳаԥшуаа, иаҳҳәап: Гагра араион, Гәдоуҭа, Пицунда, Афон уҳәа арионтә центрқәа рҿы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сангәлиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0