Аракета Atlas V Амрахь иԥрит

CC0 / / Старт ракеты
Старт ракеты - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аракета азонд Solar Orbiter аманы Амра аҟынӡа амҩа иқәхоит ҩ-шықәса. Иара аппарат ахаҭа Амра иашьклаԥшлоит быжь-шықәса рыҩныҵҟа.

АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Аракета-мҩангаҩ Atlas V адгьылбжьаха Канаверал аҟынтәи ишьҭыԥраан азонд Solar Orbiter Амрахь амҩа иқәнаҵеит. Абри ахҭыс ҭнахуан NASA.

Ари Амра аполиусқәа ҭызхуа адунеи аҟны раԥхьатәи зондуп.

Аппарат ахархәагақәа-гәаҭагақәа жәаба амоуп, урҭ рҟынтәи фба иааиԥмырҟьаӡакәа Амра иашьклаԥшлоит, егьырҭ иара азонд акәша-мыкәша ҭырҵаауеит. Solar Orbiter Амра иазааигәахар алшоит 42 миллион километра рҟынӡа.

Solar Orbiter —Америкатәии Европатәии акосмостә маҵзурақәа реицмиссиоуп. Иара Амра ашьклаԥшразы иаԥҵоуп. Апроект ахәԥса 1,5 миллиард доллар иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0