Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Илабҿабахаз ахаҿсахьа: Никəала Ҳашыг иҩымҭа "Абду Ажьгьери" афырхаҵа "дышиабадырыз"

© Foto / из личного архива семьи Хашиг Никəала Ҳашыг
Никəала Ҳашыг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа жәабран 11 рзы иԥсы ҭазҭгьы 88 шықәса ихыҵуан еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг. Ари амш азы Сырма Ашәԥҳа ҳагәылалгалоит уи иҩымҭа "Абду Ажьгьери" афырхаҵа хада ижәлантә, амҳаџьыраа рхылҵшьҭра Ҳәмарба Шьенери ашәҟәыҩҩи реибадырра шыҟалаз атәы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Агəалашəарақəа рышьҭала

Ари ахҭыс ҟалеижьҭеи уажəшьҭа жəашықəса ирықəуп. Аԥснытəи аҳəынҭқарратə телехəаԥшраҿы авторс сызмаз ҳџьынџьуаа ирызкыз адырраҭара "Агəыӷра" далахəын Ҭырқəтəыла инхоз, занааҭла иархитекторыз Шьенер Ҳəмарба. Ари аҩыза ажəла заҳаз ателехəаԥшцəа акыр иџьаршьеит, ирацəаҩын аҭел исзасуаз, ари ажəла аҭоурых аилкаара иашьҭаз. Ҳдырраҭара зызкыз афырхаҵа иакəзар, аҳəара ҟаиҵеит ибжьы заҳауа ижəлантəык, мамзаргьы ижəла ашьҭра аҭоурых здыруа аӡəыр дыҟазар, ихабар ҟаиҵарц.

Ҳџьынџьуаҩ Шьенер Ҳәмарбеи ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыги. - Sputnik Аҧсны
Ҳәмарба: аԥхьаҟа сгәы иҭоуп Ҳәмарқыҭ ҩнык сыргыларц

Шьенер Ҳəмарба ас еиԥш иҟаиҵаз ааԥхьара анаҩсҵəҟьа, исгəалашəоит, апрограмма аефир ахь ианҭыҵ ахəаша ауха, сқыҭа гəакьаҿ Џьгьарда сыҟан, аҭел дысзасит ашəҟəыҩҩы Никəала Ҷыф-иԥа Ҳашыг. Исзеиҭеиҳəеит акыр шықəса раԥхьа ииҩхьаз аповест "Абду Ажьгьери" афырхаҵа хада Ҳəмарба шижəлаз, ари ажəла амҳаџьырра ҟалаанӡа Хəаԥ ақыҭаҿы ишынхоз, рҳаблагьы Ҳəмарқыҭ ҳəа ишашьҭаз, иахьа уаҟа ишҭацəу, уаҩ дышнымхо.

Исаҳаз ажəабжь Шьенер иҟынӡа иназгеит, иагьысыӡбеит ашəҟəыҩҩы Никəала Ҳашыги иареи еиқəсыршəарц. Наунагӡа исхамшҭуа иаанхеит хаҭала сызҿахəҳəагахаз, аԥхарра ду зҵаз аибадырратə ҟазшьа змаз аиԥылара. Иахьеиԥш исгəалашəоит ашəҟəыҩҩы ду Никəала Ҳашыги Шьенер Ҳəмарбеи реицəажəара. Абар ашəҟəыҩҩы иазгəеиҭо:

"Адырраҭара сшахəаԥшуаз, Ҳəмарба ҳəа ажəла аҵаҩны ианызба, саршанхеит, иџьасшьеит. Ҭырқəтəылаҟа ицоз, иаауаз акырынтə сразҵаахьан, аха акгьы смаҳацызт. Ари ажəла сҩымҭаҿы иҟоуп. "Абду Ажьгьери" ҳəа шəҟəык зҩын, убра фырхаҵа хадас иҟоу ижəлоуп Ҳəмарба", - абас еиԥш ицəажəара хациркит Никəала Ҳашыг.

Ашəҟəыҩҩы Шьенер Ҳəмарба изеиҭеиҳəеит амҳаџьырра ҟалаанӡа Ҳəмараа аӡəырҩы Хəаԥ ишынхоз, аха мшыннырцəҟа ахҵəара шрықəшəаз. Никəала Ҷыф-иԥа еснагь аҭоурых дазҿлымҳан, хьаас иман амҳаџьырра иагаз ҳауаажəлар рлахьынҵа, дхәыҷаахыс аиҳабацəа аналацəажəоз илымҳа кыдҵаны дырзыӡырҩуан.

"Ҳашыг Ҟанчобеи ҳəа дыҟан, ҳаиашьара датəын. Убри зны иҳəо саҳаит дара ахьынхоз Ҳəмараа шынхоз, аҭыԥгьы Ҳəмарқыҭ ҳəа ишашьҭаз, усҟан сара схəыҷын, ашкол сҭан, ари ажəлагьы смаҳаӡацызт. Ҳабдуцəа рхьаа саргьы гəыҵхас исыман, ашəҟəыҩҩра ашҟа саниас, аҵара саналга, исыӡбеит избаз, исаҳаз шьаҭас иҟаҵаны зхы иақəиҭу, ихыҭҳəаау ҩымҭак аԥысҵарц. Убас ауп нап шасыркыз саԥҵамҭа "Абду Ажьгьери", - ҳəа ҳзеиҭеиҳəеит ашəҟəыҩҩы.

Ашəҟəыҩҩы дызлацəажəо аҩымҭа аԥиҵеит 70-тəи ашықəсқəа рзы. Усҟан амҳаџьырра иадҳəалоу атема алацəажəара гəаӷьыуацəан, ҽеилагьы еилкааны ирымамызт мшын нырцə иагаз ҳашьцəа рлахьынҵа. Никəала Ҳашыг иаҳзеиҭеиҳəеит абду Ажьгьери иара иидыруаз аӡə иакəӡаҵəҟьаны ихаҿы дшааигаз, иара ижьрацəара иалҵыз аӡə иакəӡаҵəҟьоушəа, Ҳəмараа иара иидырӡоз шьоук ракəӡаҵəҟьазшəа ишидикылаз. Убас еиԥш дшымгəыӷӡоз ауп ателехəаԥшраҿы Ҳəмарба зыжəлаз аԥсуа хаҵа дшибазгьы.

Шьенер Ҳәмарба - Sputnik Аҧсны
Шьенер Ҳәмарба: аԥсуара саналацәажәо сгәы ԥшаауеит

Шьенер Ҳəмарба ашəҟəыҩҩы изеиҭеиҳəеит акыр шықəса раахыс ижəла аҭоурых дшашьҭаз. Анцəа иџьшьны, иԥсадгьыл гəакьаҿы уи аԥшаара алыршахеит ашəҟəыҩҩы ду ибзоураны.

Ҳәмарқыҭ агәырӷьара аҭааит

"Сабацəа ргəы иалаз аҵəымӷ алаҳхит", - иҳəеит Шьенер Ҳəмарба, игəы ԥшаауа. Ирацəан Шьенер изцəырҵуаз азҵаарақəа, урҭ зегьы гəыблыла рҭакқəа ҟаиҵеит Никəала Ҷыф-иԥа. Ас еиԥш иҟаз аиԥылара анаҩс, Никəала Ҳашыг Шьенер Ҳəмарба дицны Хəаԥ ақыҭа, ажəытəан Ҳəмараа ахьынхоз Ҳəмарқыҭ иаҭааит. Ари ахҭыс саргьы сыбла иабартə, еиҭасҳəартə еиԥш ҳазшаз исаҭəеишьеит.

Ашəҟəыҩҩы иаԥхьа дгылан иҩымҭа афырхаҵа хада, ихыҭҳəааз, аха анаҩс илабҿабахаз ахаҿсахьа, абар, иҭоурыхтə ҩымҭа иагəылсны ибжьы ҽацаӡа ахəы акəаԥра иахьықəыҩуаз:

"Еҳ, убасҟан хаҵак даарылҵны ибжьы наиргазҭгьы, ҳаԥсуазаргьы, абра ҳашьцəа рҟны ҳаԥсааит ҳəа, убасҟан зегьыҵəҟьа шԥандырҵəарыз..." - ҳәа.

Зны машьынала, даҽазныхгьы шьапыламҩала дырнысуан Шьенер Ҳəмарба иқыҭа гəакьа иргəылгаз амҩақəа, амҩахəасҭақəа. Игəазхара избомызт аԥсабара, игəазхара ишьапы изықəыргыломызт акыр иара изы игəыкыз идгьыл ԥшьа. Издыруадаз, Анцəа иишаз аԥсабара зцəажəозҭгьы, егьа ҭоурыхтə маӡақəа изаанартрын, егьа жəабжь ианаҳəарын.

Иҟалап, Ҳəмарқыҭ аҳабла, амҳаџьырра аамҭа анаҩс, ас еиԥш агəырӷьара аҭамааижьҭеи. Избанзар, инаӡеит Никәала Ҳашыг иҩымҭа афырхаҵа Ажьгьери аамҭаказы дыззыҳəоз ауасиаҭ:

"Мап, Ҳəмараа ҳəынҭқаррак ықəырҭəааны наҟ џьара инхозаргьы, исҭахым сара сыжəла Аԥсны ианыӡаарц, Ҳəмараа наӡаӡа рылҩаҵə ҩеиуазараоуп рыԥсадгьыл агəҭаҵəҟьа - Ҳəмарқыҭ!"

Шьенер Ҳəмарба, уи аҽны ҭелла Ҭырқəтəылаҟа иҭынхацəа дырзасит, ирзеиҭеиҳəеит Ҳəмарқыҭ дшыҟаз, Никəала Ҳашыг иакəзар, иара излаҳаиҳəаз ала, ҩынҩықəра нызҵыз аӡə иакəны ихы ибон.

Ииашаҵəҟьаны, инаӡеит ашəҟəыҩҩы хьаас имаз, игəы иҵхоз, акыр шықəса раԥхьа абду Ажьгьери ихаҿсахьала иааирԥшыз ихəыцрақəа.

"Иа, Анцəа ду, зхьышьаргəыҵа сакəыхшоу, мчы уманы уҟазар, ҳзықəгылоу адгьыл мчы аманы иҟазар, ҳазхатəоу ҳчеиџьыка, аҵəца иаҳку мчы амазар, ҳшəыҳəоит, зыԥсадгьыл иахганы иҟоу ҳажəлари ҳареи иҳабжьоу амшын ахьтəы цҳа рызхыланы рыԥсадгьыл ахь ишəырхынҳəырц. Шəышгылоу ишəкы абри аныҳəаҿа!.. Ҳаԥсадгьыл аҿы ҳҭəы-ҳаԥха ҳахьыҟоу урҭ ҳхашҭыр, Анцəагьы иаҳџьишьом...", - абду Ажьгьери усҟан аныха дамҵагылазшəа игəы аартны Анцəа даниҳəоз, ибжьы уажəы-уажəы аҽеиҭанакуан, иҟазшьагьы аҽаԥсахуан.

Уи аҽны Шьенер Ҳəмарба дыжəлазаҵəны Ҳəмарқыҭҟа дхынҳəызаргьы, уи идмырԥшит жəытəаахыс Ҳəмараа пату рықəызҵоз ргəылацəа Ҳашыгаа. Аслан Мкан-иԥа Ҳашыг игəараҭаҿы аԥсуа ҵасла аишəа чара рхиан.

Абасала, аамҭаказы абду Ажьгьери Хəаԥ ақыҭан еиҭеиҳахьаз аџьҵла акəзар, гəыӷра шəкы ацны, адацқəа ӷəӷəаӡа иара иазыҳалалу адгьыл иаларсоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0