Раԥхьатәи апартиа: амимозатә сезон хацыркхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРаԥхьатәи апартиа: амимозатә сезон хацыркхеит
Раԥхьатәи апартиа: амимозатә сезон хацыркхеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа аҳауатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу иаҿырԥшны амимоза аекспорт заа ихацыркхеит. Еиҳа мҽхакы ҭбаала аиагара иалагоит жәабранмза аҩбатәи азбжазы.

АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Аурыс-аԥсуа ҳәааҟны ихацыркхеит амимоза асезон. Аҳазалхыҩцәа раԥхьатәи ашәҭ аалыҵ апартиа ашәҟәы иҭаргалеит ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхыҩцәа рыпресс-маҵзура.

Заанаҵтәи ашәҭ: иамеигәырӷьода Аԥсны амимоза ашәҭра - Sputnik Аҧсны
Заанаҵтәи ашәҭ: иамеигәырӷьода Аԥсны амимоза ашәҭра

Хәажәкыра 8 аламҭалазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амимозашәҭқәа ргара мҩаԥысуеит есышықәса. Сынтәа аҳауатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу иаҿырԥшны амимоза аекспорт еиҳа заа ихацыркхеит.

Амимоза мҩаныргоит рацәак идум апартиақәеи акоммерциатә партиа дуқәеи рыла. Аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аҿы ашәҟәы иҭагалоуп раԥхьатәи апартиа.

Амимозашәҭ аалыҵ аиҳара аҳәаа иахыргоит жәабранмза абжара инаркны хәажәкырамза алагамҭанӡа. Сынтәа иазыԥхьагәаҭоуп 150 тонна ашәҭ аҳәаа ахыгара. Ииасыз ашықәс азы аҳәаа иахыган 100 тоннак амимоза.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0